00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
13:30
31 мин
18:00
31 мин
18:30
30 мин
21:00
31 мин
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла украинатәи аибашьцәа 290-ҩык ҭархоуп

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРемонт военной техники в зоне спецоперации
Ремонт военной техники в зоне спецоперации - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла украинатәи аибашьцәа 290-ҩык ҭархоуп, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Донецктәи ахырхарҭаҿы ажәыларатә гәыԥқәа русура иабзоураны Артемовск ақалақь мраҭашәареи, агәҭеи, аладатәи ахәҭеи акварталқәа хԥа ахы иақәиҭыртәит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Уахыки ҽнаки рыла авиациа фынтә ишьҭыԥрааит, артиллериа 63 ахыдҵақәа наныгӡеит.
Купиантәи ахырхарҭаҿы уахыки ҽнаки рыла УАМ 35-ҩык аибашьцәа ҭархоуп, акәылӡымашьынақәа ҩба, амашьынақәа ҩба, ахаланыҟәагатә гаубицақәа М109 "Paladin", Д-20. Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 80-ҩык аӷацәа, акәылӡымашьынақәа ҩба.
Алада-Донецктәи Запорожтәи ахырхарҭақәа рҿы 30-ҩык рҟынӡа аруаа шьуп, иҭархоуп апикапқәа ҩба, агаубица Д-20, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭатә ҭыԥқәа ҩба. Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп - 25-ҩык инареиҳаны украинатәи аруаа, автомашьынақәа 3, артиллерииатә шьықәгыла М777, агаубица Д-30.
Урыстәыла аоператив-тактикатәи арратә авиациеи, аракетатә ари артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла ааха рырҭеит УАМ артиллериатә ҟәшақәа 98, иара убас аруааи аибашьыгатә техникеи 126 раион рыҟны.
Урыстәыла аҳауахьчаратә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла иҭадырхеит украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа фба.
Ажәабжьқәа зегьы
0