Урыстәыла

Шәачатәи абаӷәаза Аԥсни иареи амшынтә еимадара шьақәнамырӷәӷәаӡеит

© Sputnik / Леон Адлейба Туристический теплоход "Грифон" прибыл в Сухумский порт
Туристический теплоход Грифон прибыл в Сухумский порт - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2023
Анапаҵаҩра
2023 шықәса аԥхынразы "Грифон" аныҟәараз аинформациа ыҟаӡам.
АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Шәачеи Аԥсни рыбжьара амшынтә еимадара макьаназ иазыԥхьагәаҭам ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Шәачатәи абаӷәаза адиректор хада Иури Владимиров иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Акатамаран "Грифон" Шәачантәи Аҟәаҟа идәықәҵан 2022 шықәсазы, аха амаршрут ала аԥхьатәи амҩасра ашьҭахь атехникатә мзызқәа ирыхҟьаны иаанкылан. Сынтәа аимадара хацыркхоу ихацыркымхо ҳәа азҵаара аҭакс Владимиров иҳәеит, уи азы аинформациа шимам.
Атуристтә катамаран "Грифон" жәҩык аԥсшьаҩцәа аманы Шәачантәи Аҟәатәи абаӷәаза иаадгылеит 2022 шықәса, ахәаша лаҵара 6 азы. Иазыԥхьагәаҭан цәыббра анҵәамҭанӡа иныҟәалоит ҳәа. Аԥсны аҳәынҭқарра аҳәаа ахысраҟны аҳазалхратә ҳәаахьчараҿ иаҭаху аусмҩаԥгатәқәа зегьы рынагӡара мҩаԥган Аҟәатәи абаӷәазаҿы.
Аӷба 120-ҩык апассаџьырцәа рҭыԥ амоуп, бжьаратәла аццакра 24 ҿаҳәара ыҟоуп. Агәаҭаратә реис иаанарԥшит аамҭала х-сааҭки 15 минуҭи амҩа ишықәхо.
Курортный сезон в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2023
Аԥсны
"Ласточка" Шәачеи Гагреи ирыбжьалоит
Ажәабжьқәа зегьы
0