Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ласточка" Шәачеи Гагреи ирыбжьалоит

© Sputnik / Артур Лебедев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКурортный сезон в Сочи
Курортный сезон в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2023
Анапаҵаҩра
АУН "Аԥсны аихамҩақәа" Москва, хәажәкыра 13-18 рзы урыстәылатәи рколлегацәеи дареи реицәажәара ашьҭахь апресс-конференциа мҩаԥнагеит.
АҞӘА, хәажәкыра 21– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аелектричка "Ласточка" амаршрут Шәача-Гагра ала аныҟәара иалагоит ҳәа абрифинг аҿы еиҭеиҳәеит АУН "Аԥсны аихамҩақәа" рынџьныр хада Леонид Ҟәыруа.

"Иааҳакәыршан иҟоу аҭагылазаашьа уадаҩ иахьмырԥшкәа Аԥсны аԥсшьара зҭаху шырацәаҩхо аабоит. Убри инадҳәаланы Урыстәылантә Аԥсныҟеи Аԥснынтәи Урыстәылаҟеи ауаа рымҩангара апроблема ҵарны иқәгылан еснагь", - иҳәеит иара.

"Ласточка" агәаҭаратә реис Шәачантәи Гагранӡа аара азԥхьагәаҭоуп мшаԥымза инаркны "АЕ" разыхиара агәаҭаразы иҳәеит Ҟәыруа.
"Аамҭа ҳауеит агхаԥхақәа раԥыхразы. Ҳгәыӷуеит аԥхынра аламҭалаз аелектричка аныҟәара иалагап ҳәа. Актәи аетап аан иазԥхьагәаҭоуп хә-вагонеиԥшьк рныҟәара", - иҳәеит анџьныр хада.
Уи адагьы Ҟәыруа иҳәеит иахьазы Аԥсны Урыстәыла иадызҳәало ахырхарҭақәа ԥшьба шыҟоу: Аҟәа-Москва, Санкт-Петербург-Аҟәа, Самара-Аҟәа, Тҟәаԥс-Гагра.
"Апассаџьыртә дәыӷбақәа рмаршрутқәа астанциа "Гагра" аҟынӡа рынашьҭра азԥхьагәаҭоуп. Иҟалоит дәыӷбақәак рмаршрутқәа Адлерынӡа акәымкәа Гагранӡа еиҵыххар", - иҳәеит Ҟәыруа.
АУН "Аԥсны аихамҩақәа" адиректор хада ицхырааҩ Октаи Хазириши апресс-конференциаҟны еиҭеиҳәеит раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа аара ишалаго аконтеинертә дәыӷбақәагьы.
Железнодорожные пути. - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2023
Аԥсны
2023 шықәсазы Аԥсны ҩымз рыла хнызқь вагон инареиҳаны аидара алагалоуп
"Аконтеинертә дәыӷба логистикатә маҵзуроуп, аидарамҩангага дәыӷба аграфик инақәыршәаны иахьықәҵуа астанциаҟынтә иахьнеиша астанциахь ицоит. Уахыки-ҽнаки рыла 800-1000 километра иахысуеит", - иҳәеит иара.
Аидарақәа рзы рхы иадырхәоит тонна рацәала аидара шьҭызхуа аконтеинерқәа.
"Аихамҩақәа зхы иазырхәо аилахәырақәа рзы ари хра алоуп: аамҭала ирласны иахьнеиуа, аидарақәа рымҩангара ахәԥса ахьыбзиоу. Ҳара ишазгәаҳҭо ала, ахәԥса 25-30% рыла еиҵахоит", - иҳәеит Ҟәыруа.
Аконтеинертә мҩангара аидеиа цәырҵит аидарамҩангара амҽхак ахьеиҳахаз инадҳәаланы иҳәеит иара.
"Аԥсны азы ари идеиа ҿыцуп, асегмент рацәа амоуп. Аконтеинертә дәыӷбақәа еиуеиԥшым аоперациақәа мҩаԥыргоит. Убри азы ари аус назыгӡо ахаҭалатә еиҿкаареи ҳареи аилаӡара ҳабжьаҳҵоит" - иҳәеит иара.
Автобус единой транспортной системы. - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2023
Аԥсны
2023 шықәсазы Аԥсныҟа "иаку абилеҭ" ала аныҟәара хацыркхоит
Аконтеинертә мҩангараҿ аԥышәа змоу ахатәы еиҿкаара ахахьы иагеит Очамчыра аконтеинертә терминал аргылареи иара аиҿкаареи.
"Уажәазы адәыӷба ҳҳәаа иазааигәахахьеит. Ашьыжьтәи аинформациала, астанциа "Тихорецкая" иааихьан. Уаҵәы ҳазыԥшуп астанциа "Весиолое" аҿы", - иҳәеит Ҟәыруа.
Апроект анагӡара уадаҩхон адгылара ҳмоузҭгьы иҳәеит Хазириши, ареспублика ахада Аслан Бжьаниа ҭабуп ҳәа иаҳәо.
Ажәабжьқәа зегьы
0