Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭа араион аҿы ақыҭа аҿиара апрограмма ала 50 проект инареиҳаны ирыдкылоуп

© Sputnik / Марианна Кубрава Ботанический сад
Ботанический сад  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2023
Анапаҵаҩра
2023 шықәсазы Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиараз апрограмма анагӡара иазоушьҭуп 90 миллион мааҭ.
АҞӘА, мшаԥы 19 – Sputnik, Бадри Есиава. 57 проект рыдкылоуп Гәдоуҭа араион аҿы ақыҭа аҿиара апрограмма ала, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Иури Кәарцхьиа.
"Зынӡа 80 зыҳәа ыҟан. Акомиссиа 57 проект рыдыркылеит. Иҟан ҩ-проект аззырхиазгьы. Аиҳарак акыршықәса нызҵуа аҵиаақәа реиҭаҳареи амеханизациа маҷ амаругақәа раахәареи ирызкын. Иара убас иҟан ауҭраҭыхааӡара, ашьхааӡара, арахәааӡара, аԥсыӡааӡара, аԥсаатәааӡара ирызкызгьы", - иҳәеит иара.
Кәарцхьиа иажәақәа рыла, 2023 шықәсазы Гәдоуҭа араион аҿы ирыдыркылаз апроектқәа рзеиԥш хәыԥса 26 миллион мааҭ ыҟоуп. Аиҳарак абизнес-ԥшьгамҭақәа нарыгӡоит ақыҭақәа Лыхны, Дәрыԥшь, Ҟәланырхәа, Абӷархықә, Хыԥсҭа, Оҭҳара, Хәаԥ рҿы.
Иара иҳәеит 2021 шықәсазы ари парограммала Гәдоуҭа араион аҿы ирыдкылан 17 проект, 2022 шықәсазы – 24 проект ҳәа.
Передача Абхазии 190 единиц сельхозтехники и оборудования, 57 из которых тракторы от Министерства сельского хозяйства России состоялась в Гудауте в пятницу 20 июля. - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2023
Аԥсны
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра Аҟәа араион аҟны инагӡахо 13 проект аднакылеит
"Арҭ ахышықәса рыҩнуҵҟа 98 проект ҳадаҳкылеит. Ари иаанагоит араион аҟынтәи шә-ҭаацәарак аусутә роуеит, акырдырҳауеит ауп. Сгәанала, ари ауааԥсыра рзы акраҵанакуеит", - иҳәеит иара.
2023 шықәсазы Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиараз апрограмма анагӡара иазоушьҭуп 90 миллион мааҭ. Ақыҭанхамҩа аминистррахь инашьҭын 264 проект, рзеиԥш хәыԥса 167,8 миллион мааҭ инаӡоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0