00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
18:35
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
21:35
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәыҵниа агуманитартә цхыраара Ҭырқәтәылаҟа агаразы: ҳашнеиз зегьы ирылаҵәеит

Хра злоу ахҭысқәа: Кәыҵниа агуманитартә цхыраара Ҭырқәтәылаҟа агаразы
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә еидара Ҭырқәтәыла агара шалыршахаз атәы, уаҟа аҭагылазаашьа зеиԥшроу, насгьы ҳџьынџьуааи Аԥснытәи аделегациеи реиԥыларақәа шымҩаԥысуази ртәы, арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.
Аԥснынтәи агуманитартә цхыраара наган Ҭырқәтәыла адгьылҵысра ахьыҟалаз араионқәа рахь. Агуманитартә ус анагӡара иалан Аԥсны Апарламент адепутатцәа Аслан Лакәаба, Алхас Барцыц, Инар Гыцба, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.
Лев Кәыҵниа аиҿцәажәара хацыркуа еиҭеиҳәеит, аидара Ҭырқәтәылаҟа агара иацыз ауадаҩрақәа ртәы, аха иазгәеиҭеит, уажәшьҭа ишрымоу аԥышәа ду, ҳазхазымҵац аҳәынҭқаррақәеи дареи русеицуразы.
"Аидара ҳара ҳзы хәыда-ԥсада иргартә еиԥш аицәажәара ыҟан, ус иагьыҟалеит, аха аамҭа аҭаххеит. Даара иџьасшьеит аҳазылхыҩцәа гәыкала ҳахьрыдыркылаз. Аӷба аҟынтә аидара амашьынақәа ирықәҵаны игатәын. Дара зегьы аҩырақәа рнын Аԥснынтә ацхыраара шаагоу атәы зҳәоз. Ҭырқәтәыла зегьы иахыҵәеит ацхыраара шыҟаҳҵо", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәыҵниа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0