Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Адыгақәа рбираҟ амш азгәарҭеит Аҟәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Шествие на набережной Махаджиров ко дню адыгского флага
Шествие на набережной Махаджиров ко дню адыгского флага  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2023
Анапаҵаҩра
Раԥхьаӡа акәны Аԥсны Ачерқьесцәа рбираҟ амш азгәаҭан 2016 шықәса рзы. Иара амш азгәаҭара иалагеит 2010 шықәса рзы.
АҞӘА, мшаԥы 25 – Sputnik. Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы аԥшгьарала Адыгақәа рбираҟ амш азгәарҭеит Аҟәа.
Ашьыжь, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахаҭарнакцәеи, адыга диаспореи, ауаажәларратә еиҿкаара "Адыгэ Хасэ" анапхгареи, аҿартә хеилакқәеи Гәдоуҭа араион Бармышь ақыҭан игылоу адыга-аԥсуа аешьаратә баҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Уи ашьҭахь Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы ахыци ахәымпали рыла ахысразы аицлабра мҩаԥган. 6-10 шықәса зхыҵуа аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ игеит Шамиль Киут, аҩбатәи- Маркел Чкадуа, ахԥатәи- Рамиль Гәынба.
11-16 шықәса зхыҵуа аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ игеит Нестор Кәыҵниа, аҩбатәи- Самир Гәниа, ахԥатәи- Ераст Антелаа.
Ахәылбыҽха Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа адыгакәашарақәа мҩаԥысит.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аџьынџьал аԥсуааи адыга жәлари реимадареи реибабареи ирызкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2023
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аџьынџьал аԥсуааи адыга жәлари реимадареи реибабареи ирызкны
1830 шықәсазы Ачерқьес милаҭтә еизараҟны ишьақәырӷәӷәан ачерқьестә бираҟ. Ари абираҟ – адунеи иалаԥсоу адыга жәлар еидызкыло символуп. Иара иаҵагылан ауп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага хатәгәаԥхарала арахь ишааз ҳашьцәагьы.
Адыгеиа аҳәынҭқарратә бираҟ зкәакьҭа иашоу аиаҵәаҧшшәы змоу асахьа амоуп, уаҟа иарбоуп аиаҵәақәа 12, зыхҿа хыхьҟа иҧшуа еихдоу ахьтәы хыцқәа хҧа.
Аиаҵәақәа 12 адыга (ачерқьес) хылҵшьҭрақәа 12 ирхаҿроуп, ахыцқәа 3 ижәытәӡатәиу адыга ҭауадшьҭра иадыргоуп. Еихдоу ахыцқәа хҧа иаадырҧшуеит акзаара. Аиаҵәаҧшшәы аҧсҭазаара иасимволуп, иара убас атәыла аҧсабара аҷыдарақәа ируакуп, 40% инарзынаҧшуа адгьылҵакыра бнара ҭыԥуп.
Аш иара убас адыгақәеи(ачерқьесқәеи) зегьы ирмилаҭтә бираҟны иҧхьаӡоуп, ҳааамҭазы ҵакырадгьылла еиҩшоу аҟабардақәеи, адыгақәеи, ачерқьесқәеи, ашаԥсыӷқәеи, адыга (ачерқьес) диаспорақәеи ҳәа.
Раԥхьаӡа акәны Аԥсны Ачерқьесцәа рбираҟ амш азгәаҭан 2016 шықәса рзы. Иара амш азгәаҭара иалагеит 2010 шықәса рзы. Адыгатәыла, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черқьесск ари амш инарҭбааны традициак аҳасабала иазгәарҭоит.Иара убасгьы ари амш азгәарҭоит ачерқьесцәа ахьынхо атәылақәа 50 рҟны. Адыгатәыла аҳәынҭқарратә бираҟ 1992 шықәса рзы ҳәынҭқарратә бираҟк аҳасабала ишьақәырӷәӷәан.
Ажәабжьқәа зегьы
0