Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аинтернет-мцҳәаҩцәа рсаит ԥаршеиқәа ирылашәеит Гагратәи сасааирҭак

© Sputnik / Томас Тхайцук Колоннада в Гаграх
Колоннада в Гаграх   - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2023
Анапаҵаҩра
Абжьаратә ԥхьаӡарала амцҳәаҩцәа иҟамыз 20 путиовка рҭиит, иааизакны 500 000 мааҭ рыхә.
АҞӘА, мшаԥы 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра сасааирҭак иҟам апутиовкақәа зҭиуаз аинтернет-мцҳәаҩцәа ирԥыхьашәеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит асасааирҭа аԥшәма Ирина Хышԥҳа.

"Уаанӡа асасааирҭа "Триглит" ахьӡын. Уажәы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахыркәшарахь инеиуеит, макьана иаҳмыӡбӡацт иаҳҭо ахьӡ ҿыцгьы. Мызқәак раԥхьа ицәырҵит асаит "Триглит" афотосахьақәа ацны. Дара апутиовкақәа рҭиуеит, акрыфарҭа ыҟоушәа адырбоит, ишҳамамгьы. Апутиовкақәа рыхә 30% иагдырхоит", –лҳәеит лара.

Хышԥҳа илымоу аинформациала, иахьазы амцҳәаҩцәа 20 путиовка рҭихьеит, 500 000 мааҭ рыхә.
Асасааирҭа аԥшәмацәа хықәкыла ирыдҵаалахьеит ижьоу аахәаҩцәа, 19 нызқь инаркны 90 нызқь мааҭ рҟынӡа аԥсшьара ахә ахызшәаахьоу.
"Мшаԥы 1 азы 19 000 мааҭ зшәаз ауаа ҳзааит. Уажәы инхоит 26 000 мааҭ зшәаз. Дара амилициа рахь ашәҟәы аларҵеит. Ҳәарада ҳаргьы Аԥсны атуризм аминистрреи Аҩнуҵҟатәи аусқәа иаку ринформациа-еиҿкааратә Центри рахь ҳашшит", - ҳәа лҳәеит Хышԥҳа.
Туристы в Пицунде - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2023
Аԥсны
Аԥсны атуризм аминистрраҿы еиҭарҳәеит амцҳәаҩцәа аҽырцәыхьчара шаҭаху атәы
Атуризм аминистрра аимиџьтә политикеи аинформациатә мҩангареи рыҟәша аиҳабы Оксаны Табаӷәуаԥҳа ишылҳәаз ала, аусбарҭа ари ахҭыс ахаҵгылара анаҭахьеит, Аԥсны ААР ахь аофициалтә шәҟәы нанашьҭит, адипломатиатә каналқәа рыла Роскомнадзор ахьгьы.
Убри аан, лара илҳәеит асаит аркра апроцесс аамҭа рацәа шаҭаху – азинхьчаратә усбарҭақәа иҭырҵаар шакәу, аинформациа шеизгатәу, аԥхасҭа зауз рҿахәы рҳәар шаҭаххо.
Табаӷәуаԥҳа абжьгара ҟалҵеит Аԥсны асасцәа апутиовкақәа аархәаанӡа асаитқәеи асасааирҭақәеи ҭырҵааларц. Усеиԥш алшара ыҟоуп Атуризм аминистрра асаит, анхарҭа ҭыԥқәа рышәҟәынҵа аҟәшаҿы.
"Иара убасгьы уахи-ҽни аус ауеит ацәаҳәа ҷыда аҭел: 8-800-505-42-40. Ҳара еснагь аҭел шьҭаҳхуеит, азҵаарақәа рҭак ҟаҳҵоит, аинформациа раҳҭоит, ашәҟәынҵаҿы асасааирҭақәа еиҿҳарԥшуеит. Иҟалалоит аргылара анҿыцу ашәҟәынҵа аҭагалара иахьымӡацзар. Усҟан хаҭала иԥшааны азҵаарақәа рҭакқәа шьақәҳаргылоит. Аинформациа иазҵаауа ираҳҭоит", - ҳәа лҳәеит лара.
Набережная Сухума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2023
Аԥсны
Аԥсныҟа ауаа ԥсшьара иаар рҭахуп 30% рыла еиҳаны ҵыԥх аасҭа
Асаит ҿыцқәа рцәырҵра узаԥырҟәҟәаауам ҳәа лҳәеит Табаӷәуаԥҳа. Амцҳәаҩцәа иржьаз ирабжьылгоит хымԥада иахьынхо азинхьчаратә усбарҭақәа ирыдҵааларц, аԥара шыршәаз азы аршаҳаҭгақәа адырбарц. Аԥснытәи асасааирҭақәа рыԥшәмацәа ирабжьылгеит аминистрреи дареи аимадара рыбжьазарц, асаит азы аинформациа рырҭаларц.
2023 шықәсазы абри аусхк аҿы ҩынтәны абри аҩыза аҭагылазаашаьқәа аҭыԥ рыман. Шықәсык аԥхьа х-саитк раркра рылдыршахьан.
Ажәабжьқәа зегьы
0