Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аминистрцәа реилазаара аҳәынҭпрограмма "Анхарҭа-2022" анагӡаразы аҳасабырба аднакылеит

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДом под заселение по программе реновации в Москве
Дом под заселение по программе реновации в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иусԥҟала 2021 шықәса абҵара 17 рзы ишьақәырӷәӷәан аҳәынҭпрограмма "Анхарҭа-2022".
АҞӘА, мшаԥы 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа реилазаара аҳәынҭпрограмма "Анхарҭа-2022" анагӡаразы аҳасабырба аднакылеит мшаԥы 27 рзтәи аилатәараҟны.
Аҳәынҭқарратә хықәкытә программа "Анхарҭа-2022" аҳәаақәа ирҭагӡаны 2022 шықәсазы зынӡа ирыдыркылеит 94 рзаҳал, урҭ рҟынтә 51 рзаҳал алазҵаз, анхарҭа аархәаразы аԥарақәа рыҭара иазыразхеит.
2022 шықәсазы апрограмма анагӡара иазоужьын 40 миллион мааҭ.
Анхарҭа аиуразы апрограмма иаҵаркын абарҭ акатегориақәа:
Актәи агәыԥ ахымхәацәа, 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәызгьы (14 рзаҳал);
Аинвалид ма зхәыҷаахыс зхы иамыхәо ахәыҷы знапы дану аҭаацәа (19 рзаҳал);
Хҩык ма инареиҳаны ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәарақәа (15 рзаҳал);
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан ма знапынҵақәа рынагӡараан, ауаҩытәыҩса ихьчара ма аҳәынҭқарратә мазара ахьчара раан иҭахаз ма хабарда ибжьаӡыз рҭаацәа (2 рзаҳалк);
Зҭаацәа рҩыџьагь зцәыӡыз ма хабарда ибжьаӡыз рхәыҷқәа (рзаҳалк).
Аԥсны ахада иусԥҟала 2021 шықәса абҵара 17 рзы ишьақәырӷәӷәан аҳәынҭпрограмма "Анхарҭа-2022" . Иара хықәкыс иамоуп Аԥсны социалла ихьчам ауааԥсыра анхарҭаҭыԥқәа раахәаразы хықәкыла ацхыраара рыҭара.
Апрограмма анагӡара азырхоуп, хра аманы абиуџьеттә ԥарқәа ахархәара. Зынӡа аҳәынҭқарратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны иахәҭоуп ҳәа ирыдкыло 155 рзаҳал рҟынтәи 145 ҭаацәара анхарҭақәа аархәахьеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0