Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа ҩқәа аҩбатәи рмилаҭтә еицлабраҟны аиааира згаз рыхьӡқәа рылаҳәоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Винный конкурс 28-04-2023
Винный конкурс 28-04-2023 - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.04.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҩқәа рмилаҭтә еицлабра хықәкыс иамоуп Аԥсны иҭарҭәо аҩы ахаҭабзиара ашьҭыхра, иреиӷьу аҩыҟаҵаҩцәа ралкаара.
АҞӘА, мшаԥы 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа ҩқәа аҩбатәи рмилаҭтә еицлабраҟны аиааира згаз аҳамҭақәа ранашьара мҩаԥган мшаԥы 28 рзы аплатформа "Гәыма" аҿы.
Аицлабра иалахәхарц азы анаплакы аусзуҩцәа 47-ҩык аҩыҟаҵаҩцәа рҟынтәи 95 ҿырԥшы алырхит. Аицлабратә гьамабарахь инашьҭын 24 ҿырԥшы 15 нхамҩа рҟынтәи.
Аилахәыра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" адиректор Николаи Ачба асасцәеи алахәылацәеи аԥсшәа реиҳәеит.
"Аицлабра ахьымҩаԥысуа гәахәара дууп. Ииасыз ашықәс азы иаҳҳәон аицлабра жәларбжьаратәны иҟалап ҳәа ҳашгәыӷуаз. Абри аганахьала аусурақәа мҩаԥгахалоит. Сеигәырӷьоит аԥсуа ҩыҟаҵаҩцәа рацәаҩны аицлабра иахьалахәу", - иҳәеит иара.
Ачба иазгәеиҭеит аиҿкааҩцәа ауснагӡатә иалахәу рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иахьеиҳахо агәахәара шырнаҭо.
"Аицлабра иҵегь аҽарҭбаар ҳҭахуп. Дасу ишәымоуп аҩы ҭазҭәо аҩызцәа, агәылацәа. Иԥхамшьакәа иааилааит, рхы аладырхәааит. Ҳаргьы иалшо ала ҳрыцхраауеит", - иҳәеит Николаи Ачба.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуа ҩқәа аҩбатәи рмилаҭтә еицлабра

Аԥсуа ҩқәа аҩбатәи рмилаҭтә еицлабра - Sputnik Аҧсны
1/3

Аԥсуа ҩқәа аҩбатәи рмилаҭтә еицлабра

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуа ҩқәа аҩбатәи рмилаҭтә еицлабра

Аԥсуа ҩқәа аҩбатәи рмилаҭтә еицлабра - Sputnik Аҧсны
2/3

Аԥсуа ҩқәа аҩбатәи рмилаҭтә еицлабра

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуа ҩқәа аҩбатәи рмилаҭтә еицлабра

Аԥсуа ҩқәа аҩбатәи рмилаҭтә еицлабра - Sputnik Аҧсны
3/3

Аԥсуа ҩқәа аҩбатәи рмилаҭтә еицлабра

1/3

Аԥсуа ҩқәа аҩбатәи рмилаҭтә еицлабра

2/3

Аԥсуа ҩқәа аҩбатәи рмилаҭтә еицлабра

3/3

Аԥсуа ҩқәа аҩбатәи рмилаҭтә еицлабра

Аицлабраҿы иаиааиз аҳамҭақәа рыҭан. Аноминациа "Иреиӷьу аҩышкәакәаз актәи аҭыԥи" Гран-прии риуразы иахәҭаз абаллқәа ажиури рҟынтә аӡәгьы имоуӡеит.
Аиааира згаз:
1.
Араӡны медаль "2023 шықәсазы иреиӷьу аԥсуа ҩы шкәакәа" – Ҳаџьараҭ Кәыҵниа (ажьхкы Ноа).
2.
Аџьаз медаль "2023 шықәсазы иреиӷьу аԥсуа ҩы шкәакәа" - Денис Амҷба (ажьхкы Ркациҭели).
3.
Ахьтәы медаль "2023 шықәсазы иреиӷьу аԥсуа ҩы еиқәаҵәа" - Денис Амҷба (ажьхкы Саперави).
4.
Ахьтәы медаль "2023 шықәсазы иреиӷьу аԥсуа ҩы еиқәаҵәа" - Адамыр Ахба (ажьхкы Мальбек).
5.
Араӡны медаль "2023 шықәсазы иреиӷьу аԥсуа ҩы еиқәаҵәа" - Алмас Адлеиба (ажьхкы Саперави).
6.
Араӡны медаль "2023 шықәсазы иреиӷьу аԥсуа ҩы еиқәаҵәа" - Хьымца Кьиут.
7.
Араӡны медаль "2023 шықәсазы иреиӷьу аԥсуа ҩы еиқәаҵәа" - Сергеи Гадлиа.
8.
Араӡны медаль "2023 шықәсазы "Изабелла" иалху иреиӷьу аԥсуа ҩы" - Алхас Џьапуа.
9.
Аџьаз медаль "2023 шықәсазы "Изабелла" иалху иреиӷьу аԥсуа ҩы" - Станислав Агәмаа.
10.
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра аԥхьахә ҷыда - Ҳаџьараҭ Кәыҵниа (ажьхкы Ноа).
11.
Аицлабра апартниор аилахәыра "А-мобаил" аԥхьахә ҷыда - Адамыр Ахба (ажьхкы Мальбек).
Аԥсуа ҩыҟаҵаҩцәа рмилаҭтә еицлабра раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит 2022 шықәсазы. Усҟан 100 аалыҵк рҿырԥшқәа рҟынтәи 62 мап рыцәкын. Аицлабра аноминациақәа рыла еихшан: аҩы шкәакәақәа, аҩеиқәаҵәақәа, "Изабелла", Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра аҟынтәи иҷыдоу аԥхьахә, Ачаа рҭаацәара рҟынтәи иҷыдоу аԥхьахә, ибжахаау аҩы ҳәа. Усҟан Агран-при игеит аҩыҟаҵаҩ қәыԥш Саид Ажәанба.
 В предприятии Вина и воды Абхазии проходит дегустация вин участников Национального конкурса Абхазских вин - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2023
Аԥсны
Аҩыҟаҵаҩцәа аҩбатәи рмилаҭтә еицлабра агьамабаратә комиссиа аусура иалагеит
Ажәабжьқәа зегьы
0