Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҩыҟаҵаҩцәа аҩбатәи рмилаҭтә еицлабра агьамабаратә комиссиа аусура иалагеит

© Sputnik / Марианна Кубрава В предприятии "Вина и воды Абхазии" проходит дегустация вин участников Национального конкурса Абхазских вин
 В предприятии Вина и воды Абхазии проходит дегустация вин участников Национального конкурса Абхазских вин - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҩқәа рмилаҭтә еицлабра раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит 2022 шықәсазы. Иара хықәкыс иамоуп Аԥсны иҭарҭәо аҩы ахаҭабзиара ашьҭыхра, иреиӷьу аҩыҟаҵаҩцәа ралкаара.
АҞӘА, мшаԥы 26 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Мшаԥы 26 - 27 рзы анаплакы "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" аҟны аҩыҟаҵаҩцәа аҩбатәи рмилаҭтә еицлабра алахәылацәа раалыҵ агьамабара мҩаԥысуеит.
Анаплакы аусзуҩцәа 47-ҩык аҩыҟаҵаҩцәа рҟынтәи 95 ҿрыԥшы алырхит. Аицлабратә гьамабарахь инашьҭын 24 ҿырԥшы 15 нхамҩа рҟынтәи.
Аҩы ахаҭабзиараз агьамабаратә комиссиа ахә ршьоит аԥшшәы, ацқьара уҳәа рыла.
Акомиссиа ахантәаҩы, атехникатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Георги Аргентина ижәақәа рыла 82 балл зауз аҩы "ахьы" анаршьоит.
Иара иҳәеит агьамабара аноним ҟазшьала ишымҩаԥысуа. Агьамабаҩцәа згьама рбо аҩы иалацәажәаӡом.
"Сгәанала уи иашоуп, аобиективра аанарԥшуеит", - иҳәеит иара.
Аилахәыра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" адиректор хада Николаи Ачба иазгәеиҭеит, аицлабра абжьаратә хәҭа аан иуҳәар шалшо – Аԥсны иҟоуп аҩы бзиаҵәҟьа ҭазҭәо ауаа реиԥш аҩы бзиа закәу ззымдыруагьы ҳәа.
© Sputnik / Марианна Кубрава

Анаплакы "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" аҟны аҩыҟаҵаҩцәа аҩбатәи рмилаҭтә еицлабра алахәылацәа раалыҵ агьамабара мҩаԥысуеит

Анаплакы "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" аҟны аҩыҟаҵаҩцәа аҩбатәи рмилаҭтә еицлабра алахәылацәа раалыҵ агьамабара мҩаԥысуеит - Sputnik Аҧсны
1/5

2/5

3/5

4/5

5/5

Аицлабра иахықәкы хадоу, аҩыҟаҵара аларҵәароуп ҳәа иҳәоит Ачба.
"Ари иаанаго ауаа аҩы бзиа закәу дырдырроуп, Аԥснытәи аҩқәа атәыла анҭыҵ раларҵәароуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Аиааира зго аҳамҭақәа ранашьара мҩаԥгахоит мшаԥы 28 рзы, аплатформа "Гәыма" аҿы, абарҭ аноминациақәа рыла:
Агран-при 2023 шықәсазы иреиӷьу аԥсуа ҩы азы
Ахьы медаль "2023 шықәсазы иреиӷьу аԥсуа ҩы шкәакәа"
Араӡны медаль "2023 шықәсазы иреиӷьу аԥсуа ҩы шкәакәа"
Аџьаз медаль "2023 шықәсазы иреиӷьу аԥсуа ҩы шкәакәа"
Ахьы медаль "2023 шықәсазы иреиӷьу аԥсуа ҩы еиқәаҵәа"
Араӡны медаль "2023 шықәсазы иреиӷьу аԥсуа ҩы еиқәаҵәа"
Аџьаз медаль "2023 шықәсазы иреиӷьу аԥсуа ҩы еиқәаҵәа"
Ахьы медаль "2023 шықәсазы изабелла иалху иреиӷьу аԥсуа ҩы"
Араӡны медаль "2023 шықәсазы изабелла иалху иреиӷьу аԥсуа ҩы"
Аџьаз медаль "2023 шықәсазы изабелла иалху иреиӷьу аԥсуа ҩы"
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра аҟынтәи иҷыдоу аԥхьахә
Аицлабра апартниор, аилахәыра "А-мобайл" иҷыдоу аԥхьахә
Аицлабра Аиҿкааратә еилакы ахантәаҩы Н. В. Ачба иҷыдоу иаԥхьахә.
Аԥсуа ҩыҟаҵаҩцәа рмилаҭтә еицлабра раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит 2022 шықәсазы. Усҟан 100 аалыҵк рҿырԥшы аҟынтәи 62 мап рыцәкын.
Аицлабра аноминациақәа рыла еихшан: аҩы шкәакәақәа, аҩеиқәаҵәақәа, "Изабелла", Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра аҟынтәи иҷыдоу аԥхьахә, Ачаа рҭаацәара рҟынтәи иҷыдоу аԥхьахә, ибжахаау аҩы ҳәа. Агран-при игеит аҩыҟаҵаҩ қәыԥш Саид Ажәанба.
Аетнограф Шамԥҳа Аԥсны аӡахәааӡара атрадициазы: ҩаԥхьа аҿиара амоуп  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.01.2023
Арадио
Аетнограф Шамԥҳа Аԥсны аӡахәааӡара атрадициазы: ҩаԥхьа аҿиара амоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0