Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Агәас Аԥсны ишьақәгыларазы: сымала сахьыҟаз снырит

Зхьышьҭра змырӡыз: Агәас Аԥсныҟа иаареи, ара ишьапы дшықәгылази иазкны
Анапаҵаҩра
Ҳазҭоу ашықәс азы 30 шықәса ҵит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәаразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵоижьҭеи. Арадио Sputnik апроект "Зхьышьҭра змырӡыз" аҿы ишәаҳар шәылшоит Аԥсныҟа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа, урҭ рабацәеи рабдуцәеи ирыԥсҭазаашьаз, дара рразҟы зыӡбоз ахҭысқәа шыҿиоз, рхәыцрақәа ртәы.
Имдаҭ раԥхьаӡа акәны иџьынџь ԥсадгьыл ишьапы ықәиргылеит Марттәи ажәылара аԥхьа. Усҟан иара ихыҵуан 45 шықәса. Аԥсышәала ацәажәара иҵеит иҭаацәа рҿы, ихала анбанқәа ҵаны аԥсышәала аԥхьарагьы далагеит. Ашкол ахь санцоз аҭырқәшәа сыздырӡомызт, аԥсышәа мацара акәын ҳәа иҳәеит арадиоефир аҿы Имдаҭ.
"Аԥсныҟа аара еснагь исҭахын, аха аибшьра ахҭысқәа рырҿиашьа еиҳагьы идырццакит. Апаспорт сымаӡамызт. Аибашьра ианалага даара игәнызгон, аара сҭахын. Сҩыза ҷкәын данԥсы, иара ипаспортла Қарҭ ала сааит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Имдаҭ.
Иара игәалаиршәеит аибашьра ашьҭахь Аԥсны анхара дшалагаз, ишьапы дықәгыларцаз ихигаз ауадаҩрақәа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0