Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниеи Александр Новаки еиԥылеит Ставропольтәи атәылаҿацә аҟны

© Foto / Пресс-служба Президента АбхазииПрезидент Республики Абхазия Аслан Бжания встретился с Вице-премьером правительства Российской Федерации Александром Новаком.
Президент Республики Абхазия Аслан Бжания встретился с Вице-премьером правительства Российской Федерации Александром Новаком. - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2023
Анапаҵаҩра
Аиԥылара иара убасгьы иалахәын Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Урыстәыла аекономика аминистр Максим Решетникови.
АҞӘА, лаҵара 3 - Sputnik. Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа диԥылеит Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аганқәа алацәажәеит Аԥсны аенергетикатә усхк аҟны иҟоу ауадаҩрақәеи, аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылареи, хра злоу егьырҭ азҵаарақәеи.
Ставропольтәи атәылаҿацә аҳҭнықалақь аҟны лаҵара 3-4 рзы имҩаԥысуеит Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иазгәеиҭоит АКФО иалахәу асубиектқәа рнапхгаҩцәеи акорпорациа дуқәа рхадацәеи рԥылара.
Встреча президента Алана Гаглоева с президентом Абхазии Асланом Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2023
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Алан Гаглоев Аԥсныҟа дааиԥхьеит
Ажәабжьқәа зегьы
0