Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Касланӡиаԥҳа Ӡиӡариа ипремиа аиуразы инагоу аусумҭақәа ртәы

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Касланӡиаԥҳа Ӡиӡариа ипремиа аиуразы инагоу аусумҭақәа ртәы
Анапаҵаҩра
Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аицлабрахь аусумҭақәа рыдкылара хыркәшоуп. Уи алҵшәақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аицлабратә комиссиа амаӡаныҟәгаҩ Наала Касланӡиаԥҳа.
Акультура аминистрра ирыланаҳәаз Гьаргь Ӡиӡариа иаԥхьахә аиуразы аиндаҭлара аԥҟарақәа инарықәыршәаны акомиссиа азыҳәақәа рыдыркылон жәабран 1 инаркны лаҵара 1 аҟынӡа Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы. Аиндаҭларахь анагаразы иаҭахын атеориатә ҭҵаарақәа шьаҭас измоу афундаментал-ҭҵаарадырратә усумҭақәеи аҵараиурҭақәа рзы арҵагашәҟәқәеи, 2020-2022 шықәсқәа рзы икьыԥхьу аусумҭақәа, аҭҵаарадырратә усбарҭақәеи иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәеи рколлективқәа иқәдыргылаз.
"Аицлабра рхы аладырхәуеит ааҩык аҵарауаа. Урҭ рахьынтә иҟоуп аботаник, афилологцәа, аҭоурыхҭҵааҩцәа. Аҟәатәи аботаникатә институт аҵарауаа рхеилаки аколлективи иқәдыргылеит Зураб Аӡынба ишәҟәы "Колхидатәи афлора акальцефериттәи аендемикқәа" захьӡу. ААУ аҵарауаа рхеилак иқәнаргылеит апрофессор Џьулетта Адлеиба ҩ-томкны иҟоу лусумҭа "Алакә аҿы астили апоетикатә коммуникациатә системеи" захьӡу. Убас ААУ аҵарауаа рхеилак иқәнаргылеит апрофессор Оҭар Ӡиӡариа ишәҟәы "Аматериалқәа аԥсуа-адыга бызшәақәа рлексикологиеи азеиԥш бызшәадырреи рзы". Гәылиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҵарауаа рхеилак иқәнаргылеит 4-ҩык аҵарауаа русумҭақәа. Академик Виачеслав Чрыгба ишәҟәқәа ҩба: "Аԥсни Италиа ақалақьтә ҳәынҭқаррақәеи", "Жәларбжьаратәи азинқәа ирҿырԥшны Аԥсны Ареспублика ахьԥшымра". Апрофессор Станислав Лакоба "Аҭоурых-культуратә очеркқәа реизга ашәышықәсақәа рҟынтәи егьи ашәышықәсахь" асериа "Идырым Аԥсны" аҩажәатәи ашәышықәса иаҵанакуа ашәҟәқәа… Апрофессор Омар Маан имонографиа "Аԥсуааи анҭыҵтәи адунеии ретнокультуратәи рекономикатәи аимадарақәа VIII-ХVIII ашәышықәсқәа раан". Витали Чамагәуа имонографиа "Аԥсуа публицистика аҭоурых очеркқәа. Аепоха, ахҭысқәа, ахаҿрақәа". Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭҭә библиотека аколлектив иқәнаргылеит апрофессор Константин Думаа иусумҭа "Асовет ҳәынҭқарра аилаҳареи уи иахҟьаз атрагедиеи" захьӡу. Абас ала аинтерес зҵоу аицлабра ҟалараны иҟоуп", - лҳәеит Касланӡиаԥҳа.
Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аицлабратә комиссиа амаӡаныҟәгаҩ Наала Касланӡиаԥҳа иазгәалҭеит сынтәа аицлабрахь иаҳа ирацәаҩны аҵарауаа шықәгылоу, аусумҭақәагьы рыҩаӡара шҳараку.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Аԥсуа ҭоурыхҭҵаҩ - кавказҭҵааҩ Гьаргь Ӡиӡариа иаԥхьахә аԥҵан мшаԥы 27, 2004 шықәсазы. Апремиа ранаршьоит агуманитартәи аԥсабаратәи аҭҵаарадыррақәа русхк аҟны алшамҭақәа рзи аԥсуа ҭҵаарадырра иалагала дуны ишьоу ауаажәларратә зхаҵара ду зауз алшамҭақәеи рзы. Аҭҵаарадырразы Ӡиӡариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиазы акомиссиа иалахәуп 17-ҩык аҵарауаа, дара Аԥсны ахада ишьақәирӷәӷәоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0