Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаҩ амилициаа активистцәа Аҟәа ишрызныҟәаз закәаным ҳәа ахылҳәааит

© SputnikЛюди собрались у здания УВД в поддержку додержанных активистов молодежного движения "Ҳараҳпицунда"
Люди собрались у здания УВД в поддержку додержанных активистов молодежного движения Ҳараҳпицунда - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2023
Анапаҵаҩра
Ашьыжь шаанӡа лаҵара 4 рзы ааҩык активистцәа аанкыланы Аҟәатәи аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәшахьы инаган, ҩыџьа арԥарцәа рганахьала ашьаусқәа хацыркуп ахулиганра маҷ азы.
АҞӘА, лаҵара 4 - Sputnik. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаҩ Аҟәа аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусзуҩцәа лаҵара 4 ашьыжь иаанкылаз "Ҳараҳпицунда" активистцәа ишрызныҟәаз закәаным ҳәа ахылҳәааит. Абри азы аҳәамҭа кьыԥхьын аомбудсмен лсаит аҿы.
"Ҳара изакәаным, ҵаҵӷәыкгьы амам ҳәа иҳаԥхьаӡоит "Ҳараҳпицунда" активистцәа ргәаанагареи, ражәеи, реиҭаҵреи рыԥкра, урҭ акыраамҭа раанкылара, иара убас урҭ рганахьала административтә ԥкаанҵақәа рыҩра", - ҳәа ануп арзаҳал аҿы.
Қьышьмариаԥҳа иазгәалҭеит Аҟәа аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәшахьы активистцәа иҟарҵоз аилыркааразы ишнаргаз асааҭ 05:30 рзы. Урҭ рахьтә ԥыҭҩык аурышьҭит х-сааҭк рышьҭахь, даҽа ҩыџьа аанкыланы ирыман асааҭ 11:00 рҟынӡа, административтә зинеилагаразы аԥкаанҵақәа шьақәыргыланы.
Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу лгәаанагарала, азинхьчаратә усзуҩцәа иҟарҵаз Аԥсны азакәанԥҵара еиланагоит, агәаанагареи, ажәеи, аиҭаҵреи, аҭынчратә акциақәа рымҩаԥгареи рзы азин убрахь иналаҵаны.
Ауаажәларра-политикатә усзуҩцәа рцитатақәа зныз аплакатқәа аҳҭнықалақь еиуеиԥшым ахәҭақәа рҿы иахькнарҳауаз ауаа рацәа злахәу усмҩаԥгатәны иҟам, убри азы урҭ рҩызцәа аусмҩаԥгатәқәа реиҿкааразы иҟоу аԥҟарақәа еилаган ҳәа узыҳәом, аиҳабырагьы урҭ ирықәыршаҳаҭтәымызт.
Уи адагьы, иҟалаз ахҭыс "ахулиганра маҷ" ҳәа узахҳәаауам, избанзар активистцәа ауаажәларреи атәылауааи рҭынчра еиларымгеит. Қьышьмариаԥҳа инаҵшьны илҳәеит иҟалаз ахҭыс зинеилагароуп ҳәа узахҳәаауам, ауаажәлар ишраҳауаз абызцәгьарақәа рымҳәеит, атәылауаа лазырҟәуаз, ма даҽа хымҩаԥгашьа ҟьашьык рхы иақәнадмыргеит.
Милиция  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2023
Аԥсны
Административтә зинеилагаразы ашьаусқәа ҩба хацыркуп
Аҳәамҭаҿы иазгәаҭоуп Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Аппарат активистцәа наҟ-наҟгьы адгылара шырзыҟарҵало, азинхьчаратә усбарҭақәа ргәы рҽанырҵеит урҭ рмаҵуратә уалԥшьақәа ирхымҳәҳәаларц, иҟалаҵәҟьаз аазмырԥшуа адыррақәа аладмырҵәаларц.
Ажәабжьқәа зегьы
0