Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсни Арцахи ркомандақәа ConIFA-2024 ахь анеиразы еицыхәмарраны иҟоу

© Sputnik / Леон Адлейба Футбол
Футбол  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.05.2023
Анапаҵаҩра
ConIFA аилак хада аӡбара аднакылеит ConIFA ала Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат 2024 шықәса рзы Курдисҭан имҩаԥысырц.
АҞӘА, лаҵара 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсни Арцахи еизгоу ркомандақәа реицыхәхмарра мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа ԥхынгәы 10 рзы, абри атәы иҳәеит ConIFA аҿы Аԥсны ахаҭарнак Гиви Ҭодуа.
Ари ахәмарра алҵшәақәа рыла, еилкаахоит урҭ рахьтә рыуа 2024 шықәса рзы ConIFA ала Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат иалахәхо. Зынӡа ачемпионат иалахәхоит 16 команда.
"Ҳара ҳгәы иҭоуп Арцах акультура амшқәа Аԥсны рымҩаԥгара. Ишыжәдыруа еиԥш, Аԥсны иҟоуп аерманцәа руаԥшь, ари аҩыза акультура-интеграциатә усмҩаԥгатә иабзоураны ҳтәыуааи ҳасасцәеи алшара роуеит Арцахи иааидкылан Ермантәылеи ркультура иааигәаны абара", – иҳәеит иара.
Иара иажәақәа рыла, атурнир мҩаԥысыр алшон Филиппинқәа рҿы ма Курдисҭан.
"Аха Курдисҭан ConIFA аилак хада ишьақәыргылаз аԥҟарақәа зегьы нанагӡеит. Убас ала ари атәыла алырхит избанзар иара мҽхакыҭбаала ачемпионат амҩаԥгара аҽазнархиеит. Курдисҭан иҟоу астадионқәа даара ибзиоуп, ҳаамҭа иақәшәо иҟаҵоуп, асасааирҭақәагьы ишақәнагоу иҟоуп. Ашьапылампыласцәеи, уи абзиабаҩцәеи, асасцәеи рзы рҭагылазаашьа бзиақәа аԥҵоуп", – ҳәа азгәеиҭеит иара.
Уажәы зегь реиҳа ихадоу – Арцахи ҳареи ҳаицыхәмарра ибзианы аҽазыҟаҵара ауп иҳәеит Ҭодуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0