Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Тәанба Аҟәатәи апантеон азы: уахьынаԥшы-ааԥшуа угәы иахәаратәы иҟалеит

Тәанба Аҟәатәи апантеон азы: уахьанаԥшааԥшуа угәы иаахәаратәы иҟалеит
Анапаҵаҩра
Аилахәыра "Аԥсныргылара" адиректор хада Руслан Тәанба арадио Sputnik иеиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит Аҟәатәи апантеон аҿы аиҭашьақәыргаларатә усурақәа шхыркәшоу, иаарласны аобиект аҳҭнықалақь ахадара ишаҭахо. Иара убасгьы еиҭеиҳәеит иааидкыланы иарбан усурақәоу уаҟа имҩаԥгаз.
Аҟәатәи апантеон аҿы "Аԥсныргылара" аусурақәа ирылагеит 2022 шықәса жьҭаарамзазы. Тәанба иажәақәа рыла, аҭагылазаашьа уадаҩын.
"Амаӷ ахыҵәан иҟан. Аанда инахыҳәҳәаны хԥа-ԥшьба метра ирыцқьан. 400 метра инарзынаԥшуа аанда ҿыц ҟаҵан. Аҩнуҵҟагьы имҩаԥган мҽхакы ҭбаала аусурақәа. Аҳаҭгәынқәа рҿы ахаҳәқәа 14 ԥсахын. Аҩырақәа рзы ишахәҭоу ҿыц аинформациа еизганы, ианҵаны иҟаҵан. Уажәшьҭа алашареи аӡи неиуа иҟоуп. Ахьчаҩцәа рҭыԥ ҿыц иҟаҵан. Аҳаҭгәынқәа рҿы иҟоу аанда хәыҷқәагьы излауаз ала еиҭашьақәыргыланы, ҿыц ишәны иҟаҵан", - иҳәеит Тәанба.
Иара убри адагьы, апантеон иааиԥмырҟьаӡакәа фымцалашарала аиқәыршәаразы иқәыргылан атрансформатор ҿыц. Авидеогәаҭагақәа ықәыргылоуп. Тәанба иҳәеит аобиект аҿы рус ишалгаз, акт ааиқәыршәаны ақалақь ахадарахь ирыҭахоит, анаҩс уи ахылаԥшра дара рнапы ианызаауеит ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иааидкыланы апантеон аҿы аиҭашьақәыргаларатә усурақәа ирзоужьын 8 миллионки 300 нызқь мааҭ аԥара.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0