https://sputnik-abkhazia.info/20230512/asnyrgylara-aati-apanteon-ay-areirat-usuraa-khnarksheit--1045757255.html
"Аԥсныргылара" Аҟәатәи апантеон аҿы арҽеиратә усурақәа хнаркәшеит
"Аԥсныргылара" Аҟәатәи апантеон аҿы арҽеиратә усурақәа хнаркәшеит
Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи ашьхаҿы иҟоу аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи рпантеон аҟны аремонттә усурақәа ирылагеит 2022 шықәса жьҭаарамзазы. 12.05.2023, Sputnik Аҧсны
2023-05-12T11:53+0300
2023-05-12T11:53+0300
2023-05-12T18:51+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/09/1031076538_0:369:2000:1494_1920x0_80_0_0_0a92de8f0979c3c7453a752047d4a051.jpg
АҞӘА, лаҵара 12 - Sputnik. Аҟәатәи ашьхаҿы иҟоу аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи рпантеон аҟны аремонттә усурақәа хдыркәшеит. Абри атәы радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аилахәыра "Аԥсныргылара" адиректор хада Руслан Тәанба. Уи адагьы апантеон ахь инагоуп аӡи афымцалашареи. Апантеон иааиԥмырҟьаӡакәа фымцалашарала аиқәыршәаразы атрансформатор ҿыц аахәоуп, аҟарулцәа рзы аҩны ргылоуп, авидеогәаҭагақәа ықәыргылоуп.Аусурақәа аа-миллионк инареиҳаны ирзоужьын. Апантеон ахаҭа ақалақь ахадара абаланс иаҭоуп. Аҟәатәи ашьхаҿы атәыла иналукааша ауаажәларратә усзуҩцәеи ашәҟәыҩҩцәеи рпантеон аартра аидеиа цәырҵит 1959 шықәса рзы апоет Алықьса Лашәриа иԥсҭазаара даналҵ, аха иара аартра алыршахеит 1965 шықәса рзы. Раԥхьа ара анышә дамардеит Гәылрыԥшь араион апартиа актәи амаӡаныҟәгаҩ Григори Ԥлиа. Апантеон аҿы анышә иамадоуп еицырдыруа ареспублика ауааԥсыра: ашәҟәыҩҩцәа Қьаазым Агәмаа, Иван Ҭарба, актриса Минадора Зыхәԥҳа, актиор Шәарах Ԥачалиа, аҵарауаҩ Михаил Ҭраԥшь уҳәа ирацәаҩны.
https://sputnik-abkhazia.info/20230511/tanba-aati-apanteon-azy-uakhynashy-aashua-ugy-iakharaty-ialeit-1045745565.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/09/1031076538_3:0:2000:1498_1920x0_80_0_0_29195b1094fad9da1aa54eb3d6686465.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
"Аԥсныргылара" Аҟәатәи апантеон аҿы арҽеиратә усурақәа хнаркәшеит
11:53 12.05.2023 (ирҿыцуп: 18:51 12.05.2023) Аҟәатәи ашьхаҿы иҟоу аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи рпантеон аҟны аремонттә усурақәа ирылагеит 2022 шықәса жьҭаарамзазы.
АҞӘА, лаҵара 12 - Sputnik. Аҟәатәи ашьхаҿы иҟоу аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи рпантеон аҟны аремонттә усурақәа хдыркәшеит. Абри атәы радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аилахәыра "Аԥсныргылара" адиректор хада Руслан Тәанба.
Иара иажәақәа рыла, уаҟа арыцқьаратә усурақәа мҩаԥгоуп, 400 метра иҟоу аанда ҟаҵоуп, 14 баҟа ықәыргылоуп, анышәыҭра-кәыршақәа шәуп.
Уи адагьы апантеон ахь инагоуп аӡи афымцалашареи. Апантеон иааиԥмырҟьаӡакәа фымцалашарала аиқәыршәаразы атрансформатор ҿыц аахәоуп, аҟарулцәа рзы аҩны ргылоуп, авидеогәаҭагақәа ықәыргылоуп.
Аусурақәа аа-миллионк инареиҳаны ирзоужьын. Апантеон ахаҭа ақалақь ахадара абаланс иаҭоуп.
Аҟәатәи ашьхаҿы атәыла иналукааша ауаажәларратә усзуҩцәеи ашәҟәыҩҩцәеи рпантеон аартра аидеиа цәырҵит 1959 шықәса рзы апоет Алықьса Лашәриа иԥсҭазаара даналҵ, аха иара аартра алыршахеит 1965 шықәса рзы. Раԥхьа ара анышә дамардеит Гәылрыԥшь араион апартиа актәи амаӡаныҟәгаҩ Григори Ԥлиа.
Апантеон аҿы анышә иамадоуп еицырдыруа ареспублика ауааԥсыра: ашәҟәыҩҩцәа Қьаазым Агәмаа, Иван Ҭарба, актриса Минадора Зыхәԥҳа, актиор Шәарах Ԥачалиа, аҵарауаҩ Михаил Ҭраԥшь уҳәа ирацәаҩны.