Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Чхамалиа еиҭеиҳәеит ауниверситет аушьҭымҭацәа реихшара аус шеиҿкаау атәы

Чхамалиа еиҭеиҳәеит, ауниверситет аушьҭымҭацәа реихшара аус шеиҿкаау атәы
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны 2022-2023 шықәсазтәи аушьҭымҭацәа реихшара мҩаԥысит. Шаҟаҩы ари асиа иақәшәо, насгьы анаҩстәи русура ахырхарҭақәа зеиԥшрахо ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ААУ аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша анапхгаҩы Алхас Чхамалиа.
Ауниверситет аҿы еиуеиԥшым ашьаҭақәа рыла аҵара процесс мҩаԥысуеит. Иҟоуп хықәкылатәи аҿаҵаԥҟа, иҟоуп аҳәынҭқарратә ҿаҵаԥҟа, иҟоуп аҵара ахә ахшәаара ашьаҭалагьы. Хықәкылатәии аҳәынҭқарратәии ҿаҵаԥҟақәа рыла иалго рзы аихшара хымԥадатәиуп. Урҭ аус руроуп ҩышықәса инареиҵамкәа, насоуп адипломқәа анрыҭахо ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Чхамалиа.
Иара иажәақәа рыла, сынтәа ААУ иааидкыланы иалгоит 554-ҩык, урҭ рахьынтә хықәкылатәи аҿаҵаԥҟала - 78-ҩык. Аҳәынҭқарра аҿаҵаԥҟала рҵара хдыркәшоит 193-ҩык.
Аихшара атәы далацәажәо, Чхамалиа еиҭеиҳәеит уи апроцесс шымҩаԥысуа, аушьҭымҭацәа усурҭатә ҭыԥла реиқәышәара азҵаара шцо атәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0