Владислав Ардзинба  - Sputnik Аҧсны

Владислав Арӡынба диижьҭеи 78 шықәса ҵит

Sputnik
Владислав Ардзинба - Sputnik Аҧсны

Аԥсны Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диит лаҵара 14 1945 шықәса рзы Ешыра ақыҭан аҭоурых арҵаҩы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Григори Арӡынбеи ашкол аусмҩаԥгаҩ Надежда Иазычԥҳаи рҭаацәараҿы.

В.Г. Ардзинба - Sputnik Аҧсны

"Ахәыҷқәа зегь реиԥш, саргьы исазҵаауан "еиҳа бзиа иубода, уан лакәу, уаб иакәу?" ҳәа. Ари азҵаара еснагь исҳәо сҿамшәо сҟанаҵон. Иҟалома ус еиԥш ахәыҷы иани иаби еилихуа, ахәыҷқәа ҳахдырраҿы дара еидҳәалоуп. "Ан - ан лоуп", сара сани сареи ҳагәра еибагон, уамакала дысҭахын, дысҭахуп. Убасҵәҟьа сизыҟан сабгьы…"

Владислав Арӡынба даныхәыҷыз - Sputnik Аҧсны

Владислав Арӡынба даныхәыҷыз

Владислав Арӡынба даныхәыҷыз - Sputnik Аҧсны

Владислав Арӡынба даныхәыҷыз

1.

Владислав Арӡынба даныхәыҷыз

2.

Владислав Арӡынба даныхәыҷыз

Верхняя Эшера  - Sputnik Аҧсны

…Исгәалашәоит, Ешыра ҳахьынхо, сани саби рышҟа лассы-лассы им­ҩахыҵуаз ҳқыҭауаа абыргцәа, излацәажәозаалакгьы, аҵыхәтәаны изызкылсуаз Аԥсни аԥсуа жәлари рразҟы акәын. Сара сгәанала, адунеи аҿы даҽа жәларык рыԥшаара уадаҩзар ҟалап, аԥсуаа реиԥш ажәлари аԥсадгьыли рлахьынҵа иазхәыцуа, иахӡыӡаауа. Уи џьашьатәӡам, избанзар аҟазаареи аҟамзаареи рыз­ҵаатәы аԥсуаа ҳаиԥш даҽа жәларык рҿаԥхьа аҭоурых абас иҵарны иқәнамыргылацт. Машәыршақә иҟамлазар ҟалап, ҩыџьа ахьааидтәало, раԥхьа иааныркыло аныҳәаҿа ажәлари аԥсадгьыли иахьрызкугьы…

Владислав Арӡынба акыр шықәса инеиԥынкыланы Москва аус иуан Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәыз Мрагылараҭҵаара аинститут аҿы. 1988 шықәсазы Арӡынба Аԥсныҟа дхынҳәуеит, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут (уажәы Аԥсуаҭҵааратә институт) аиҳабыс дарҭоит. 1989 шықәсазы Владислав Арӡынба СССР жәлар рдепутатс далырхуеит, 1990 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс дҟарҵоит.
Владислав Арӡынба данқәыԥшыз - Sputnik Аҧсны

Владислав Арӡынба данқәыԥшыз

Владислав Арӡынба иҩызцәеи иареи - Sputnik Аҧсны

Владислав Арӡынба иҩызцәеи иареи

Владислав Арӡынба амилаҭтә депутатцәа реизараан иқәгылара - Sputnik Аҧсны

Владислав Арӡынба амилаҭтә депутатцәа реизараан иқәгылара

1.

Владислав Арӡынба данқәыԥшыз

2.

Владислав Арӡынба

3.

Владислав Арӡынба иҩызцәеи иареи

4.

Владислав Арӡынба амилаҭтә депутатцәа реизараан иқәгылара

Рашәара 2, 1989 шықәсазы Москва, СССР Жәлар рдепутатцәа Актәи реизара ду аҟны аԥсуаа рҿахәы ҳәо раԥхьаӡа акәны ари аҩыза атрибуна ду аҟынтәи дықәгылеит Владислав Арӡынба. Аԥсны аразҟы далацәажәо, адепутат иажәахә аҿы иалкааны иазгәеиҭеит ақырҭуа екстремисттә политика иахҟьаны, риашашьа змам ахҭысқәа ҟалар шалшо.

Владислав Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2020
Ажәа иҭара иацәшәон: Владислав Арӡынба Аԥсны аҭоурых жәаха минуҭ ишҭеигӡаз

Аполитикахь Владислав Арӡынба дааит аҭҵаарадырра ашҭа дҭыҵны. Мрагылараҭҵаара знапы алакыз, адунеи зыхьӡ адырхьаз аҵарауаҩ инапы алакын ажәытәӡан Азиа Маҷ иқәынхоз ажәларқәа рҭоурыхи, ркультуреи, рхаҵарақәеи рыҭҵаара. Ҷыдала, уи иҭиҵаауан ажәытәтәи ахаттцәеи ахеттцәеи. Ахаттцәа аԥсуа-адыга жәларқәа иргәыцхәуп ҳәа шьақәирӷәӷәон иара.

В.Г. Ардзинба - Sputnik Аҧсны

"Москва исхызгаз сымшқәа зегьы Ажәытәтәи Мрагылара аҟәша иадҳәалан. Уаҟа аусура салагеит саспирант қәыԥшны, Мрагылараҭҵаара аинститут ааныжьны санцоз – Ажәытәтәи Мрагылара аидеологиеи акультуреи рсектор аиҳабыс, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдокторс сҟалахьан"

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Владислав Арӡынба Аԥсны Арбџьармчқәа рхадараҿы дгылеит, уи азы ижәлар ражәеи рыгәрагареи иманы.

Владислав Ардзинба - Sputnik Аҧсны

Ҳарҭ аибашьра ҳаларгалеит. Ҳрымпыҵархаларц, ҳақәырхырц рыӡбеит. Аха ҳара ҳажәлар аиашара иазықәԥон, иагьаиааит Ҳаԥсадгьыл ҳанызхырц зҭахыз, ҳҳәынҭқарра ашьҭамҭа ыҟамкәа иқәызхырц иашьҭаз рҿаԥхьа. Иԥшьоу ари ахеиқәырхаратә еибашьраҿы рыжәҩахыр ҳадыркылеит Аҩада Кавказ, Алада Урыстәыла иқәынхо ҳаиашьаратә жәларқәа, убасгьы аиашара ҳацрыхьчаразы иааз зыламыс ӷәӷәоу ауаа зегьы!

Аԥсны аибашьра цон 413 мшы. 1993 шықәса цәыббрамза 30 рзы ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ҳзаазгаз Аиааира мшы ҳзылԥхаанӡа, Аԥсны жәлар акыр арыцҳара дуқәа рхыргеит.

Зегь реиҳа ихлымӡааху ҳашьҭахьҟа инхеит, зегь реиҳа иуадаҩу – ҳаԥхьаҟа ишьҭоуп...

Президент республики Абхазия Владислав Ардзинба. - Sputnik Аҧсны
Владислав Арӡынба
Аԥсны Раԥхьатәи ахада
Владислав Ардзинба  - Sputnik Аҧсны

1994 шықәсазы Владислав Арӡынба Аԥсны ахадас дҟалеит, 1999 шықәсазы аҩынтә раан Аԥсны ахадас жәлар рыбжьыҭираҟны далхын.

Владислав Арӡынба атәыла ахада иаҳасабала дзыхьӡаз зегь реиҳа аҵакы змоу аусқәа иреиуоуп: ақырҭуа-аԥсуа еибашьра аполитикатә ҭышәныртәаларазы ашьаҿақәа ралхра иазку ааԥхьара анапаҵаҩра; Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы Урыстәылатәи абжьаҟазаратә мчрақәа рыргылара. Владислав Арӡынба ибзоуроуп Аԥсни егьырҭ аҳәаанырцәтәи атәылақәа жәпаки рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵара, урҭ атәылақәа рҿы Аԥсны ахаҭарнакрақәа раартра, Ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ҿыци, агерби, абираҟи, агимни рыдкылара. Владислав Арӡынба аԥсуа бызшәа Аԥсны ҳәынҭқарратә бызшәаны азхаҵареи Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аԥҵареи илшеит.
Владислав Арӡынба атәыла дахагыланаҵы Аԥсны имҩаԥган акрызҵазкуа аусқәа. Ҷыдала иааугозар, Аԥсуа ар, Атәылахьчара аминистрра, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ҳџьынџьуаа рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы уҳәа егьырҭ аҳәынҭқарра шьақәзыргыло аусбарҭақәа аԥҵан, иара убас аԥсуа ҭыԥхьыӡқәа ыргьежьын.
Владислав Арӡынба иажәа

Владислав Арӡынба - еицырдыруа аҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥс­ны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, Адыгатәи Адунеижәларбжьаратә академиа академик, ианашьан В.И. Вернадски ихьӡ зху апремиа, Жәларбжьаратәи Кандуровтәи апремиа. Хәы змаӡам иџьабаақәа ҳаҭыр рықәҵаны, Владислав Арӡынба ихҵан Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы. Ианашьан "Ахьӡ-аԥша" аорден актәи аҩаӡара.

Мемориал первого Президента Абхазии В.Г.Ардзинба. - Sputnik Аҧсны

Иналукааша аԥсуа политик, аҳәынҭқарра аргылаҩ, зыԥсҭазаара зегьы Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ирзызкыз Владислав Арӡынба иԥсҭазаара далҵит 65 шықәса дшырҭагылаз, хәажәкыра 4, 2010 шықәсазы. Иара иҿаҭахьала, анышә дамардеит дахьиз Ешыра ақыҭан, аибашьраан Гәымсҭатәи афронт ацәаҳәа злацоз азааигәара.

АлагамҭахьИхадоу адаҟьахь
Ажәабжьқәа зегьы
0