Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Быҭәба иазгәеиҭеит COVID-19 иахҟьаны аԥсҭбарақәа атәылақәа жәпакы рҿы аасҭа Аԥсны ишеиҵаз

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота лаборатории по ПЦР-тестированию в Тамбове
Работа лаборатории по ПЦР-тестированию в Тамбове - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2023
Анапаҵаҩра
2020 шықәса хәажәкыра 11 рзы Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара ирыланаҳәеит акоронавирус апандемиатә ҟазшьа шьҭнахит ҳәа. Ари ачымазара иахҟьаны Аԥсны рыԥсҭазаара иалҵит 700-ҩык.
АҞӘА, лаҵара 15 - Sputnik. Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит Аԥсны COVID-19 иахҟьаны аԥсҭбарақәа зекономика ҳараку атәылақәа жәпакы рҿы аасҭа ишеиҵаз.
Иара иҳәеит апандемиа иаалырҟьаны ишцәырҵыз, ачымазара ҿыц ирласны ишҭырҵаазгьы акоронавирус миллионла аԥсҭазаарақәа шҿахнаҵәаз.
"698-ҩык ҳтәылауаа ҳцәыӡит. Зегьы рзы ҳақәԥон, иҳалшоз ҟаҳҵон. Убри аан COVID-19 иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз ирызку астатистика уахәаԥшуазар ҳреспубликаҿ иаҳцәыӡыз рхыԥхьаӡара 1,45% роуп иартәо", – иҳәеит Быҭәба.
Аминистр иҳәеит акоронавирус иахҟьаны зыдунеи зыԥсахыз рхыԥхьаӡара процентла уахәаԥшуазар тәылақәак рҿы Аԥсны аҵкыс акыр еиҳауп: Урыстәыла – 2,07%, Польша - 1,9%.
Иара иазгәеиҭеит, ачымазара ахы шаацәырнагаз аиԥш Агәабзиарахьчара аминистрра аиҳабыра рыцхыраарала акоронавирус аԥырҟәҟәаразы ауснагӡатәқәеи атәылауаа рыԥсҭазаарақәа реиқәырхареи нап анаркит. Ареспублика ахәшәтәырҭақәа рзы иаахәан ихымԥадатәиз ахархәагақәа, иаԥҵан хаз игоу астационарқәа, алаҵаҟаҵара хацыркын, амедусзуҩцәа рҟазара аизырҳаразы атәыла анҭыҵҟа ишьҭын.
Аусурақәа зегьы акадрқәа разымхареи амедицинатә система ақәыӷәӷәара хьанҭа амани имҩаԥысуан ҳәа азгәеиҭеит аминистр.
Ажәабжьқәа зегьы
0