Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҟәысба Ҭырқәтәылеи Аԥсни реизыҟазаашьазы: иахьынӡаҳҭаху изыҟамлазаргьы, зынӡагьы ицәгьам

Аҟәысба Ҭырқәтәылеи Аԥсныи реизыҟазаашьазы: иахьынӡаҳҭаху изыҟамлазаргьы зынӡагьы ицәгьам
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылеи Аԥсни 30 шықәса рыҩнуҵҟа реимадарақәа рыҿиашьа, ҳдиаспора ахаҭарнакцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл рҽамадаразы иахьазы иҟоу аҭагылазаашьақәа, ари аамҭа иалагӡаны зыӡбара алыршахаз азҵаарақәа, ԥхьаҟа Ҭырқәтәыла ахада иалхрақәа рнаҩс аҩнуҵҟатәи адәахьтәи аполитикатә ҭагылазаашьа зеиԥшрахарц шалшо азы арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнак Аҭанур Аҟәысба.
Ицәажәараҿы иара иазгәеиҭеит Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа алагала ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара аиураҟны. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны Ҭырқәтәылеи Аԥсни реизаҟазаашьақәа дрылацәажәо иазгәеиҭеит ҳажәлар реимадара иаҳа ишыҭбаахаз.
"Хәыҷы-хәыҷла акәзаргьы аҳәынҭқаррақәа дара рхатәы политика иақәымшәо аусқәа ракәымкәа, даҽа мҩақәак ылганы, ҳхы иаҳархәаша алшарақәа рыла иахьагьы иҟәныумшьартә еиԥш аусқәа ҟалеит ҳәа сазхәыцуеит. Ишыжәдыруа еиԥш, аԥхьа Аԥсны аҳәынҭқарра иаҳа иџьбараны иазнеиуан, аполитика адырбалон, ус рхы мҩаԥыргон. Иӡыргангьы иӡырымгакәагьы иҟарҵоз зегьы мҩак иқәланы иҟарҵон, аха адиаспора реиҿкаара ахеидкылақәа шьақәыргыланы ара мчыс ҳаныҟала, нас ҳаԥсадгьыли ҳареи ҳаимадара иалнаршо аусқәа ҳтерриториаҿы иҟоу уажәы аполитика уанахәаԥшуа, иӡыргангьы акәымзар ахьыԥшымра азхаҵараҟны инанамгаргьы, иџьбараны мап ацәкны иазааҭгыло иҟам иахьазы", - иҳәеит Аҟәысба.
Иара иазгәеиҭеит иахьазы Ҭырқәтәылеи Аԥсни реизыҟазаашьа иахьынӡаҳҭаху изышьақәымгылазаргьы, зынӡагьы ицәгьам ҳәа дшазхәыцуа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0