https://sputnik-abkhazia.info/20230517/bzhania-asny-aar-30-shysa-ineiynkylany-tyla-adnyapolitikat-interesa-akhchoit-1045857771.html
Бжьаниа: Аԥсны ААР 30 шықәса инеиԥынкыланы ҳтәыла адәныҟаполитикатә интересқәа ахьчоит
Бжьаниа: Аԥсны ААР 30 шықәса инеиԥынкыланы ҳтәыла адәныҟаполитикатә интересқәа ахьчоит
Sputnik Аҧсны
Лаҵара 17, 1993 шықәсазы иаԥҵан Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра. Абри азы ақәҵара инапы аҵеиҩит Владислав Арӡынба. 17.05.2023, Sputnik Аҧсны
2023-05-17T11:15+0300
2023-05-17T11:15+0300
2023-05-17T11:49+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аслан бжьаниа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/11/1045855705_0:128:1620:1039_1920x0_80_0_0_2fc8164586826fdda3fc8d27f8c36af4.jpg
АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 30 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит."Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵан аибашьра аилашымҭаз, лаҵара 17 1993 шықәса рзы. Аԥсны амацәаз ианҭакыз, аекономикатәи аполитикатәи аблокада ианҭагылаз, Қырҭтәыла ҩаԥхьа еибашьрала иҳақәлоит ҳәа ашәарҭара аныҟаз, Аԥсны Аҳәынҭқарра ААР инанагӡон иуадаҩыз адәныҟаполитикатә усура", - ҳәа азгәеиҭеит ахада. Иара инаҵишьит арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны ААР қәҿиарала анапы иану аус шынанагӡо, атәыла аполитикатә интересқәа аҳәаҭыхла ишахьчо."Ҷыдала иаҳҳәозар, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра алагала ду ҟанаҵеит аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа рырҿиараҿы. 2008 шықәса рзы ҳтәылазы акрызҵазкуаз ахҭыс ҟалеит - Урыстәылатәи Афедерациеи егьырҭ тәылақәаки Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеит. Аминистрра иара убас алагала ӷәӷәа ҟанаҵоит жәларбжьара Аԥсны уи иақәнагоу ахатә ҭыԥ азалхраҿы", - иҳәеит Бжьаниа.Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахьӡала адныҳәалара ааишьҭит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров. Иара иазгәеиҭеит аԥсуа дипломатцәа рзанааҭтә ҟазара, иҳәеит аминистррақәа рыбжьара агәреибагаратә еизыҟазаашьақәа шыҟоу. "Агәрагара сымоуп Урыстәылеи Аԥсни рыжәларқәа реиҩызареи рышәҭыкакаҷреи, арегион аҿы ашәарҭадареи аҭынчреи рыхьӡала ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы ишырӷәӷәахало", - ҳәа азгәеиҭеит Лавров. Аԥснытәи адипломатцәа русбарҭа 30 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит ателемҩаԥгаҩы, ажурналист Владимир Соловиов. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылазы иуадаҩу аамҭақәа раан Аԥсны аганахь ишымгылаз, атәыла анапхгареи ажәлари ииашоу адунеитә еиҿкаара адгылара шарҭо. "Урыстәылатәи Афедерациеи егьырҭ адунеи атәылақәа рҟынтәи апартниорцәеи инарывагыланы, Аԥсны, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара (ЕАР - урысшә. ООН) Аԥҟаԥҵәаҿы хадара зҭоу апринцип – аҳәынҭқаррақәа рсуверентә еиҟарара ашьаҭа инақәыршәаны аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа арҿиоит", - ҳәа азгәеиҭеит Соловиов.
https://sputnik-abkhazia.info/20230517/asny-aar-akhada-adiplomatiat-mazura-aveterantsa-drydnyaleit-1045854266.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/11/1045855705_176:129:1444:1080_1920x0_80_0_0_9a45b55d1b25d038956b8e02e37354ed.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аслан бжьаниа
ажәабжьқәа, аслан бжьаниа
Бжьаниа: Аԥсны ААР 30 шықәса инеиԥынкыланы ҳтәыла адәныҟаполитикатә интересқәа ахьчоит
11:15 17.05.2023 (ирҿыцуп: 11:49 17.05.2023) Лаҵара 17, 1993 шықәсазы иаԥҵан Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра. Абри азы ақәҵара инапы аҵеиҩит Владислав Арӡынба.
АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 30 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
"Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵан аибашьра аилашымҭаз, лаҵара 17 1993 шықәса рзы. Аԥсны амацәаз ианҭакыз, аекономикатәи аполитикатәи аблокада ианҭагылаз, Қырҭтәыла ҩаԥхьа еибашьрала иҳақәлоит ҳәа ашәарҭара аныҟаз, Аԥсны Аҳәынҭқарра ААР инанагӡон иуадаҩыз адәныҟаполитикатә усура", - ҳәа азгәеиҭеит ахада.
Иара инаҵишьит арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны ААР қәҿиарала анапы иану аус шынанагӡо, атәыла аполитикатә интересқәа аҳәаҭыхла ишахьчо.
"Ҷыдала иаҳҳәозар, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра алагала ду ҟанаҵеит аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа рырҿиараҿы. 2008 шықәса рзы ҳтәылазы акрызҵазкуаз ахҭыс ҟалеит - Урыстәылатәи Афедерациеи егьырҭ тәылақәаки Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеит. Аминистрра иара убас алагала ӷәӷәа ҟанаҵоит жәларбжьара Аԥсны уи иақәнагоу ахатә ҭыԥ азалхраҿы", - иҳәеит Бжьаниа.
Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахьӡала адныҳәалара ааишьҭит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров. Иара иазгәеиҭеит аԥсуа дипломатцәа рзанааҭтә ҟазара, иҳәеит аминистррақәа рыбжьара агәреибагаратә еизыҟазаашьақәа шыҟоу.
"Агәрагара сымоуп Урыстәылеи Аԥсни рыжәларқәа реиҩызареи рышәҭыкакаҷреи, арегион аҿы ашәарҭадареи аҭынчреи рыхьӡала ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы ишырӷәӷәахало", - ҳәа азгәеиҭеит Лавров.
Аԥснытәи адипломатцәа русбарҭа 30 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит ателемҩаԥгаҩы, ажурналист Владимир Соловиов.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылазы иуадаҩу аамҭақәа раан Аԥсны аганахь ишымгылаз, атәыла анапхгареи ажәлари ииашоу адунеитә еиҿкаара адгылара шарҭо.
"Урыстәылатәи Афедерациеи егьырҭ адунеи атәылақәа рҟынтәи апартниорцәеи инарывагыланы, Аԥсны, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара (ЕАР - урысшә. ООН) Аԥҟаԥҵәаҿы хадара зҭоу апринцип – аҳәынҭқаррақәа рсуверентә еиҟарара ашьаҭа инақәыршәаны аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа арҿиоит", - ҳәа азгәеиҭеит Соловиов.