Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Мархолиаԥҳа "Аҟазара ҳәаада" азы: аҳәыҷқәа аԥсҭазаара ишахәҭаку дырдырхоит

Мархолиаԥҳа «Аҟазара ҳәаада» азы: аҳәыҷқәа аԥсҭазаара ишахәҭаку дырдырхоит
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Амассатә информациатә хархәагақәа рымадараз аменеџьер Асида Мархолиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит "Аҟазара ҳәаада" захьӡу апроект аусура шцо, зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа уи ишақәҿырҭуа.
Апроект "Аҟазара ҳәаадоуп" ззырхоу зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа асоциалтәи акультуратәи усқәа ралархәра ауп. Апроект иалахәхар рылшоит афонд "Ашана" хылаԥшра зырҭо рнаҩсгьы 18 шықәса иҭымсыц егьырҭ зылшара ԥку зегьы. Уи азы афонд аԥошьҭахь инашьҭтәуп "Сара сгәаҳәара" атемала аҭоурыхқәа.
"Апроект анӡыргаха инаркны ҳара иҳауа ҳалагеит асалам шәыҟәқәа. Уажәааигәа ҳаҟан згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа аҵара ахьырҵо ашкол аҿы. Апроект аиҿкааҩ Мактина Џьынџьалԥҳа ирзеиҭалҳәеит апроект атәы, ааԥхьара ҟалҵеит уи рхы аладырхәырц, иара убра ахәыҷқәа иаҳзеиҭарҳәеит ргәы ззыҳәоз атәы. Аӡәы дҳақьымхарц иҭахуп, егьи - асценаҿы дықәгыларц. Даара ҳгәы арԥшааит ахәыҷқәа руаӡәк игәазыҳәара, иара даара игәаԥхоит ашкол аҿы аус зуа ахәыҟәаҵаҩ ифатә, дандухалак иҭахуп уи иеиԥш дҟаларц", - ҳәа еиҭалҳәеит Мархолиаԥҳа.
Иахьазы 30 еиҳаны салам шәҟәы ҳамоуп, амза нҵәаанӡа еиҭа аамҭа ыҟоуп ҳәа адырра ҟалҵеит Асида.
18 шықәсанӡа зхыҵуа зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа зегьы ирымоуп алшара апроект ахалархәразы. Ахәыҷқәа ргәазыҳәарақәа зегьы ҷыдала РУСДРАМ еиҿнакаауа ақәыргыламҭа иаламларгьы, апроект аинформациатә дгылара азҭо Sputnik аҿы икьыԥхьзаауеит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0