https://sputnik-abkhazia.info/20230517/shama-eialeit-amuzeia-rymsh-any-aaatsa-irzyshu-aty--1045867766.html
Шамԥҳа еиҭалҳәеит амузеиқәа рымш аҽны аҭааҩцәа ирзыԥшу атәы
Шамԥҳа еиҭалҳәеит амузеиқәа рымш аҽны аҭааҩцәа ирзыԥшу атәы
Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Инга Шамԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, амузеиқәа рымш аҽны еиҿкаахо аусмҩаԥгатә атәы, "Аҵх... 17.05.2023, Sputnik Аҧсны
2023-05-17T17:22+0300
2023-05-17T17:22+0300
2023-05-17T17:22+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
хра злоу ахҭысқәа
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/11/1045867248_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_f96062af01134b13d332bab80d8cedf3.jpg
Хра злоу ахҭысқәа: Шамԥҳа «Аҵх амузеи аҿы» иазкны
Хра злоу ахҭысқәа: Шамԥҳа «Аҵх амузеи аҿы» иазкны
Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Инга Шамԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, амузеиқәа рымш аҽны еиҿкаахо аусмҩаԥгатә атәы, "Аҵх амузеи аҿы" захьӡу акциа ҳтәылаҿы аларҵәара ахьынӡамоу. Убри аан иазгәаҭатәуп, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ахаҭа иахьа 106 шықәса шахыҵыз.Амузеиқәа рымш аҽны аҳәынҭқарратә музеи аартхоит асааҭ быжьба рзы. Ахәаԥшцәа ирыдгалахоит ҩ-цәыргақәҵак, аҭоурыхи аетнографиеи рыҟәшақәа рҿы ҳәа адырра ҟалҵеит Шамԥҳа."Исҭахуп амузеи иаҭаауа агәахәара рнаҭар, уи азы иҷыдоу знеишьак ҳаԥшаауеит есышықәса. Аетнографиа аҟәшаҿы сынтәатәи атема духоит, асырҭа иазкуп. Аԥсуаа напҟазауаан. Ауарҳалқәа роума, акыдыршәылақәа, ампахьшьқәа роума напыла иҟарҵон. Урҭ амаҭәарқәеи дара излаҟарҵоз амаругақәеи, еиҭа аинтерес змоу ӡыргахоит", - ҳәа лҳәеит Шамԥҳа.Ари атема зышьҭырхыз атәы еиҭаҳәо амузеи аусзуҩ иазгәалҭеит, аԥсуа џьоуҳар(орнамент -азгә.), еиуеиԥшым арҩычагақәеи иразҵаауа шырацәоу.Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/11/1045867248_71:0:1210:854_1920x0_80_0_0_9c8c255c30061db1852d49ba6f34397b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Инга Шамԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, амузеиқәа рымш аҽны еиҿкаахо аусмҩаԥгатә атәы, "Аҵх амузеи аҿы" захьӡу акциа ҳтәылаҿы аларҵәара ахьынӡамоу. Убри аан иазгәаҭатәуп, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ахаҭа иахьа 106 шықәса шахыҵыз.
Амузеиқәа рымш аҽны аҳәынҭқарратә музеи аартхоит асааҭ быжьба рзы. Ахәаԥшцәа ирыдгалахоит ҩ-цәыргақәҵак, аҭоурыхи аетнографиеи рыҟәшақәа рҿы ҳәа адырра ҟалҵеит Шамԥҳа.
"Исҭахуп амузеи иаҭаауа агәахәара рнаҭар, уи азы иҷыдоу знеишьак ҳаԥшаауеит есышықәса. Аетнографиа аҟәшаҿы сынтәатәи атема духоит, асырҭа иазкуп. Аԥсуаа напҟазауаан. Ауарҳалқәа роума, акыдыршәылақәа, ампахьшьқәа роума напыла иҟарҵон. Урҭ амаҭәарқәеи дара излаҟарҵоз амаругақәеи, еиҭа аинтерес змоу ӡыргахоит", - ҳәа лҳәеит Шамԥҳа.
Ари атема зышьҭырхыз атәы еиҭаҳәо амузеи аусзуҩ иазгәалҭеит, аԥсуа џьоуҳар(орнамент -азгә.), еиуеиԥшым арҩычагақәеи иразҵаауа шырацәоу.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.