https://sputnik-abkhazia.info/20230518/akh-amuzei-any-aktsia-aa-ishymaysyz-1045898349.html
"Аҵх амузеи аҟны": Аҟәа акциа шымҩаԥысыз
"Аҵх амузеи аҟны": Аҟәа акциа шымҩаԥысыз
Sputnik Аҧсны
Итрадициатәу акциа "Аҵх амузеи аҟны" мҩаԥысит Аҟәа, уи иалахәын Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи, Дырмит Гәлиа... 18.05.2023, Sputnik Аҧсны
2023-05-18T23:12+0300
2023-05-18T23:12+0300
2023-05-18T23:17+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/12/1045897176_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_0d9f207c506afaacc60e71de454333c6.jpg
"Аҵх амузеи аҟны" – жәларбжьаратәи культуратә акциоуп, уи раԥхьаӡакәны иаԥшьыргеит Франциа 1999 шықәсазы. Аԥсны ари акциа мҩаԥган 2015 шықәсазы Аҳәынҭқарратә музеи аԥшьгарала.SputnikРаԥхьаӡа иӡырганАԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны имҩаԥгаз акциа "Аҵх амузеи аҟны" ауаа рацәа еиднакылеит, дара гәахәарыла ицәыргаз амаҭәарқәа ирыхәаԥшон, иҭырҵаауан. Сынтәа археологиа аҟәшаҟны раԥхьаӡакәны ицәырган ахьи арыӡни ирылхыз V ашәышықәса инаркны XIII нӡа ҳера ҟалаанӡа ахархәара змаз амаҭәарқәа. Дара зегьы акультуратә хәышәҭаара афонд аҟны иҵәахәуп, аха акциа аҳаҭыраз ицәыргақәҵан.Уи адагьы, аетнологиа аҟәшаҟны ажәытә наплыхқәа ӡырган. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеиаиҳабы Аркади Џьопуа иажәақәа рыла, акциа анхыркәшахалак хәызмаӡам амаҭәарқәа аҵәахырҭахь инагахоит.Даара аинтерес зҵаз акциа мҩаԥысит Абанк амузеи аҟынгьы. "Аҵх амузеи аҟны" иаҭааз доусы алшара рыман аԥараҿырпы ачаԥара, ахыбраҟны еидкылоу амаҭәарқәа рзы алекциа ирзаԥхьеит."Хышықәсоуп ҳмузеи ари акциа иалахәуижьҭеи. Аекскурсиа амҩаԥгара азгәаҭаны иҳаман, иара убас Архип Лабахәуа актиорк итеатр ақәыргыламҭа еиҿикааит. Изҭахәу рзы хаҭалатәи аекскурсиақәа еиҿкаҳкаауеит", - лҳәеит Аԥсны Абанк амузеи аусзуҩ Александра Чамагәуаԥҳа.Аибашьцәа рҭоурыхқәаВладислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны акциа "Аҵх амузеи аҟны" мҩаԥысит. Аԥсны жәлар Рџьынџтәылатә еибашьра аҭоурыхқәа раҳарц арахь имҩахыҵит аҟәатәи ашколхәыҷқәа, аԥсшьаҩцәа, аҳҭнықалақь асасцәа. Акциа иалахәхарц Маркәылантәи иааит 60-ҩык аҵаҩцәа.Амузеи аусзуҩцәа еиҭарҳәеит аибашьра ашықәсқәа рзы Кавказ ажәларқәа рконфедерациа инанагӡоз аусуреи, хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭоурыхқәеи, Мрагыларатәи афронт аҵаки, аибашьра раԥхьатәи амзқәа рзы абџьар шыҟарҵози, аҳәса афронт ацхыраара шарҭози.Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы Мзиа Беииаԥҳа лажәақәа рыла, ари акциа рмузеи аҟны имҩаԥыргоит 2018 шықәса раахыс."Ари акциа ахықәкы -амузеи иаҭааз рҭоурых аилкаароуп. Иаҳҭаауа рхыԥхьаӡара еизҳауеит", - лҳәеит лара.Акциа ҵхагәазы ихдыркәшоит.Владислав изы ажәаДырмит Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи аҟны Аԥсны жәлар Рџьынџтәылатә еибашьра аветеранцәеи аҭааҩцәеи реиԥылара еиҿыркааит.Амузеи аиҳабы Светлана Корсаиаԥҳа лажәақәа рыла, акциа Ҳиааира 30 шықәса ахыҵра иадырҳәаларц азырыӡбеит, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба идҳәалоу аҭоурыхқәа иазааҭгыларц.Аԥсны Афырхаҵа Аслан Кобахьиа игәалашәарақәа еиҭеиҳәеит. Владислав Арӡынба аибашьратә ԥышәа шимамызгьы, иара ихшыҩ ҵарын, идырра ыҟан иҳәеит иара.Кобахьиа еиҭеиҳәеит Аҟәа ахақәиҭразы ажәылара шымҩаԥыргоз, уи ашьҭахь Владислави иареи реицәажәара, Сосналиев аштаб ахь дышиԥхьаз, Мрагыларатәи Мраҭашәаратәи афронтқәа шеиқәшәаз.Есышықәса лаҵара 18 рзы адунеи аҟны Жәларбжьаратәи амузеи амш азгәарҭоит. Аныҳәа хацыркын 1978 шықәсазы. Аԥсны еиҿкаау амузеиқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп атәылаҿацәҭҵааратә музеи, амемориалтә музеи, атематикатә музеи, алитературатә музеи.
https://sputnik-abkhazia.info/20230517/aourykh-zgyaou-akhybra-106-shysa-rakha-iaartyn-asua-ynarrat-muzei-1045853119.html
https://sputnik-abkhazia.info/20240514/vladislav-arynba-iazhei-iaamei-1045759768.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/12/1045897176_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_5784f396548d8d535376c7d62adcb509.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, акультура
аԥсны, ажәабжьқәа, акультура
"Аҵх амузеи аҟны": Аҟәа акциа шымҩаԥысыз
23:12 18.05.2023 (ирҿыцуп: 23:17 18.05.2023) Итрадициатәу акциа "Аҵх амузеи аҟны" мҩаԥысит Аҟәа, уи иалахәын Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи, Дырмит Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи, Аԥсны Абанк амузеи.
"Аҵх амузеи аҟны" – жәларбжьаратәи культуратә акциоуп, уи раԥхьаӡакәны иаԥшьыргеит Франциа 1999 шықәсазы. Аԥсны ари акциа мҩаԥган 2015 шықәсазы Аҳәынҭқарратә музеи аԥшьгарала.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны имҩаԥгаз акциа "Аҵх амузеи аҟны" ауаа рацәа еиднакылеит, дара гәахәарыла ицәыргаз амаҭәарқәа ирыхәаԥшон, иҭырҵаауан. Сынтәа археологиа аҟәшаҟны раԥхьаӡакәны ицәырган ахьи арыӡни ирылхыз V ашәышықәса инаркны XIII нӡа ҳера ҟалаанӡа ахархәара змаз амаҭәарқәа. Дара зегьы акультуратә хәышәҭаара афонд аҟны иҵәахәуп, аха акциа аҳаҭыраз ицәыргақәҵан.
Уи адагьы, аетнологиа аҟәшаҟны ажәытә наплыхқәа ӡырган. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеиаиҳабы Аркади Џьопуа иажәақәа рыла, акциа анхыркәшахалак хәызмаӡам амаҭәарқәа аҵәахырҭахь инагахоит.
"Иахьа ҳмузеи иаҭааз зеиԥш ыҟам амаҭәарқәа рбаразы алшара рымоуп. Аҵәахырҭаҿы ишьҭоу амаҭәарқәа рацәаӡоуп, урҭгьы егьырҭ акциақәа раан иӡыргахоит", - иҳәеит Џьопуа.
Даара аинтерес зҵаз акциа мҩаԥысит Абанк амузеи аҟынгьы. "Аҵх амузеи аҟны" иаҭааз доусы алшара рыман аԥараҿырпы ачаԥара, ахыбраҟны еидкылоу амаҭәарқәа рзы алекциа ирзаԥхьеит.
"Хышықәсоуп ҳмузеи ари акциа иалахәуижьҭеи. Аекскурсиа амҩаԥгара азгәаҭаны иҳаман, иара убас Архип Лабахәуа актиорк итеатр ақәыргыламҭа еиҿикааит. Изҭахәу рзы хаҭалатәи аекскурсиақәа еиҿкаҳкаауеит", - лҳәеит Аԥсны Абанк амузеи аусзуҩ Александра Чамагәуаԥҳа.
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны акциа "Аҵх амузеи аҟны" мҩаԥысит. Аԥсны жәлар Рџьынџтәылатә еибашьра аҭоурыхқәа раҳарц арахь имҩахыҵит аҟәатәи ашколхәыҷқәа, аԥсшьаҩцәа, аҳҭнықалақь асасцәа. Акциа иалахәхарц Маркәылантәи иааит 60-ҩык аҵаҩцәа.
Амузеи аусзуҩцәа еиҭарҳәеит аибашьра ашықәсқәа рзы Кавказ ажәларқәа рконфедерациа инанагӡоз аусуреи, хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭоурыхқәеи, Мрагыларатәи афронт аҵаки, аибашьра раԥхьатәи амзқәа рзы абџьар шыҟарҵози, аҳәса афронт ацхыраара шарҭози.
Маркәылатәи абжьаратә школ афбатәи акласс аҵаҩы Мануелла Шьониаԥҳа лажәақәа рыла, илбаз илаҳаз аинтерес ду лызцәырнагеит.
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы Мзиа Беииаԥҳа лажәақәа рыла, ари акциа рмузеи аҟны имҩаԥыргоит 2018 шықәса раахыс.
"Ари акциа ахықәкы -амузеи иаҭааз рҭоурых аилкаароуп. Иаҳҭаауа рхыԥхьаӡара еизҳауеит", - лҳәеит лара.
Акциа ҵхагәазы ихдыркәшоит.
Дырмит Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи аҟны Аԥсны жәлар Рџьынџтәылатә еибашьра аветеранцәеи аҭааҩцәеи реиԥылара еиҿыркааит.
Амузеи аиҳабы Светлана Корсаиаԥҳа лажәақәа рыла, акциа Ҳиааира 30 шықәса ахыҵра иадырҳәаларц азырыӡбеит, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба идҳәалоу аҭоурыхқәа иазааҭгыларц.
Аԥсны Афырхаҵа Аслан Кобахьиа игәалашәарақәа еиҭеиҳәеит. Владислав Арӡынба аибашьратә ԥышәа шимамызгьы, иара ихшыҩ ҵарын, идырра ыҟан иҳәеит иара.
Кобахьиа еиҭеиҳәеит Аҟәа ахақәиҭразы ажәылара шымҩаԥыргоз, уи ашьҭахь Владислави иареи реицәажәара, Сосналиев аштаб ахь дышиԥхьаз, Мрагыларатәи Мраҭашәаратәи афронтқәа шеиқәшәаз.
Есышықәса лаҵара 18 рзы адунеи аҟны Жәларбжьаратәи амузеи амш азгәарҭоит. Аныҳәа хацыркын 1978 шықәсазы. Аԥсны еиҿкаау амузеиқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп атәылаҿацәҭҵааратә музеи, амемориалтә музеи, атематикатә музеи, алитературатә музеи.