Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны иаатит атурагентцәа рзы актәи афестиваль

© FotoПервый турфестиваль для турагентов открылся в Абхазии
Первый турфестиваль для турагентов открылся в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2023
Анапаҵаҩра
Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны асасцәа алшара рымоуп ареспублика атуристтә лшарақәа ргәаҭара.
АҞӘА, лаҵара 18 - Sputnik. Атурагентцәа рзы актәи атуристтә фестиваль "INTOURIST TRAVEL FEST" аатит Аҟәа ахаша, лаҵара 17 рзы.
Аартраан иқәгылаз атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба агәыӷра ааирԥшит хымш-ԥшьымш рыла ари афестиваль мҩаԥысуанаҵы асасцәа Аԥсны иахьыҟоу агәахәара шрынаҭо.

"Ҳара ҳганахьала иҳалшо зегь ҟаҳҵоит шәара зегь шәгәаԥхарц азы. Аԥсны тәыла хәыҷуп, аҳәааи аҳәааи рыбжьара 170 километра роуп иҟоу, амшын аҟәарала 210 километра. Аԥсны угәы раҳаҭны уҟазаар ахьулшо тәыллоуп, зегь реиҳа ихадоу - ара асас пату ду иқәызҵо ауаа нхоит", - иҳәеит иара.

Афестиваль аиҿкааҩцәа – атуроператор "Интурист"-и аилахәыра Garuda агәыԥқәеи, Аԥсны Атуризм аминистрра адгыларала.
Асасааирҭақәа Garuda рышьаҭаркҩы Гьаргь Ачба иазгәеиҭеит Аԥсны атуристцәа гәыҭыӷьӷьаала ишырԥыло.
Аилахәырақәа "Интурист" ргәыԥқәа реиҳабы Исмаил Болиукбашы иҟарҵаз адкылара ԥхазы иҭабуп ҳәа раҳәо, инаҵишьит аусеицура аԥхьаҟагьы ишацырҵо.
"Ҳара иаабоит аҭыԥантәи атуристтә усхкы аҽшаԥсахуа. Аԥсны атуризм аҟны имҩаԥысуа аԥсахрақәа исгәаланаршәоит Ҭырқәтәыла, ҷыдала апровинциа Мугла аҿы атуристтә усхк шышьақәгылоз. Уа 20 шықәса раԥхьоуп уи ҿио ианалага, аха уажәшьҭа уа аинфраструктура бзиа аусура иалагахьеит, Аҭырқәа Ривиера иабырлашуп уҳәар ауеит. Аԥсынгьы ганрацәала ари аус арҿиар алшоит - ара хыԥхьаӡара рацәала аҭыԥ ԥшӡарақәа ыҟоуп, еснагь арахь ухынҳәлар уҭаххоит. Аԥсынгьы иалшоит Амшын еиқәа аԥшаҳәа иабырлашны иҟаларц, уи иахьа асовет аамҭақәа раан аасҭагьы аԥсшьаҩы иднагаларц иалшо рацәоуп" - иҳәеит Болтукбашы.
Афестиваль иалагӡаны асасцәа алшара роуеит ареспублика атуристтә лшарақәа зеиԥшроу аилкаара, аусхк ахаҭарнакцәа рԥылара, актуалтә зҵаарақәа рылацәажәара.
Ажәабжьқәа зегьы
0