Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Агәаҟраԥсра здызкылаз Симон Канатәи игәаларшәара амш азгәарҭоит Аԥсны

© Sputnik / Томас ТхайцукПо местам Симона Кананита.
По местам Симона Кананита. - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.05.2023
Анапаҵаҩра
2013 шықәса раахыс Ацқьа Симон Канатәи игәаларшәара амш аҽны Аԥсны ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп.
АҞӘА, лаҵара 23 - Sputnik. Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама Амшаԥныҳәа анаҩс ихадоу ныҳәан, есышықәса лаҵара 23 рзы иазгәанаҭоит - Симан Канатәи игәаларшәара амш.

Аныҳәа аҳаҭыр азы, ҳтәыла ауахәамақәа рыҟны имҩаԥысуеит Анцәа имҵаныҳәара.

Абиблиаҿы иаҳԥыло аҳәамҭақәа изларҳәо ала, заԥхьаҟа ицҳаражәҳәаҩхараны иҟаз Симон Галилеиатәи Канаҿы имҩаԥысуаз ичараан Иаса Қьырса инаигӡеит раԥхьатәи анашана - аӡы ҩны иааҟаиҵеит. Абри ахҭыс Симон наҟ-наҟтәи иԥсҭазаара шьаҭанкыла иаԥсахит, иара Иаса Қьырса иџьашьахәра хаҵаны иҵаҩ иакәхеит. Иаса Қьырса ажәҩан ахь данхалаз ашьҭахь Аҩынҩажәижәабамш аҽны Сионтәи аҩнаҟны амца иабзқәаны аԥсҿыхҩы иҵаҩцәа ирзылбааз Иԥшьоу аԥсыцқьа иҟынтә Симон иоуит аҳамҭа. Егьырҭ ацҳаражәҳәаҩцәеи иареи Қьырса и-Евангелие абжьагажәахь еиццәырҵит.
Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи Иаса Қьырса иҵаҩцәа 12-ҩык дыруаӡәкуп. Иҟоу адыррақәа рыла, I ашәышықәса азбжазы ацҳаражәҳәаҩцәа Андреи Аԥхьанаԥхьаҩи Симон Канатәи Аԥсныҟа иааит Иаса Қьырса дшыбзахаз ажәабжь рыманы.
Дорожка и ущелье к гроту Симона Кананита - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.05.2022
Аԥсны
Ацҳаражәҳәаҩ агәаҟраԥсра здызкылаз: Иԥшьоу Симон Канатәи игәалашәара амш
Симон Канатәи Афон ҿыц аӡиас Ԥсырӡха ааигәара иҟоу аҳаԥы нхарҭас иалихит. Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ иакәзар - Анцәа иажәа аларҵәаразы имҩа иациҵеит Амшын еиқәа аҿықә аҩадаҟа даваланы.
Абри аамҭоуп Аԥсны ақьырсианра алаҵәара ианалагаз ҳәа иԥхьаӡоу.
Ақьырсиан динхаҵаҩцәа анықәарцоз аамҭазы, Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симан Канатәи Ԥсырӡха аӡиа ахықәан цәгьаԥсышьа иҭан дыршьуеит. Симон дахьынхоз аҳаԥы ааигәара ачымазарақәа зыхәшәтәуаз аӡыхь ыҵыҵуа иалагеит. IV ашәышықәсазы Симон Канатәи анышә дахьамадоу ааигәара ихьӡала ауахәама ргылан.
Иаса Қьырса ицҳаражәҳәаҩцәа ируаӡәкыз, агәаҟраԥсра здызкылаз Ацқьа Симон Канатәи игәалашәара амш ҳреспубликаҿы есышықәса иазгәарҭоит лаҵара 23 рзы. 2013 шықәсазы атәылаҿ ирылаҳәан ари арыцхә иныҳәатә ԥсшьарамшны.
Ажәабжьқәа зегьы
0