Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Цкәуаԥҳа ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи иҳаԥы азы: иубарҭоуп ауаа гәыкала ишазыҟоу

Цкәиаԥҳа апостол Симон Кананит иҳаԥы азы: иубарҭоуп ауаа гәыкала ишазыҟоу
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза 23 рзы Аԥсны ақьырсиан иашахаҵаратә дин ныҟәазго иазгәарҭоит ацқьа ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи игәаларшәара амш. Ацҳаражәҳәаҩ имш азгәаҭара аԥсуа иашахаҵаратә уахәамаҿ аныҳәа хадақәа ируакуп, аҳәынҭқарраҟны ныҳәатә ԥсшьарамшуп. Ари аҽны ауахәамақәа рҟны анцәаиашьапкра зҽалазырхәуа рацәаҩуп, ҷыдала аныҳәа инақәыршәаны Аԥсныҟа иаауа асасцәагьы ыҟоуп.
Ацқьа Симон Канатәи иҳаԥы ашҟа Афон ҿыц аекскурсиақәа мҩаԥызго Сариа Цкәуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аныҳәа лара лзы ҵакыс иамоу, ари аҽны ацқьа ацҳаражәҳәаҩ иҳаԥы иаҭаауа шырацәаҩу.
"Ари аҽны Афонҿыцтәи ауахәамаҟны имҩаԥысуа анцәаимҵаныҳәара ашьҭахь иаҳа сазхәыцуа салагоит сдунеихәаԥшышьа. Хымԥада, зегьы индивидуалла иазнеиуеит анцәахаҵара, доуҳала уи ԥышәарак унаҭоит. Ара (Афон Ҿыц-азгәаҭа) иԥшьоу ҭыԥуп, зегьы ижәдыруа ауп. Анцәахаҵара, ҳәарада, зегьы иҳалоуп. Симон Канатәи аҭаацәа дырхылаԥшуеит. Араҟа аашықәса ҵуеит аус зуеижьҭеи. Шықәсы рацәала ахәыҷқәа змам аҭаацәарақәа ҳзаауеит Урыстәылантәи. Иҟоуп урҭ рыбжьара ари аҭыԥ ианаҭаа ашьҭахь ахшара дзауз. Хышықәса раԥхьа Иарославль аҟынтәи аҭаацәа сзааит убас, рхәыҷы Симона лыхьӡырҵеит. Иҟоуп даҽа ҩба-хԥа ҭаацәа убас акыраамҭа ахәыҷы дызмамыз, анаҩс ахшара зауз. Ари гәырӷьара дууп", - ҳәа лҳәеит Цкәуаԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0