Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа ҳәынҭқарратә ансамбль Москва Чаиковски изал аҿы иқәгылеит

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНародный ансамбль песни и танцев выступает на торжественном мероприятии, посвященном празднованию 10-летней годовщины признания независимости Абхазии Российской Федерацией, в Сухуме
Народный ансамбль песни и танцев выступает на торжественном мероприятии, посвященном празднованию 10-летней годовщины признания независимости Абхазии Российской Федерацией,  в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәарашареи зҽаԥсазтәыз рансамбль ақәгылара мҩаԥысит акультуратә сезонқәа "Урыстәыла-Аԥсны 2023" аартра аҳәаақәа ирҭагӡаны.
АҞӘА, лаҵара 28 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсуа ҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәарашареи зҽаԥсазтәыз рансамбль ақәгылара мҩаԥысит Москва Чаиковски изал аҿы асабша лаҵара 27 рзы.
Акәашаратә коллектив москватәи ахәаԥшцәа иддырбеит аԥсуа ҭыԥҳацәа рлирикатә кәашара, ауапакәашара, ажәытә аԥсуа кәашара, акәашара "Кафа", ауаԥсаа рыкәашара, ашәаҳәара-хореографиатә сиута "Аԥсуа чара", аԥсуа милаҭтә кәашара "Аураашьа", аҿар рыкәашара.
Ансамбль ахор инанагӡеит жәлар рашәақәа "Озбақь", "Самаҭхәа", "Ахрашәа", "Гәдиса", аԥҳәысеиба лашәа, аԥсадгьыл азы ашәа, ахәрашәа, Кьахь Ҳаџьараҭ иашәа уҳәа егьырҭгьы.
Аԥсуа ҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәарашареи зҽаԥсазтәыз рансамбль — аԥсуа жәлар рмузыкатә фольклор еиқәзырхо хәышҭаароуп. Аколлектив аԥҵан 1931 шықәса рзы Аҟәа, уи раԥхьатәи напхгаҩыс даман иагьшәаҳәаҩыз, жәлар рашәаҳәаратә ҟазарагьы бзианы издыруаз Платон Панцулаиа.
Ансамбль аусура ишналагаз еиԥшҵәҟьа раԥхьатәи ашықәсқәа инадыркны ахы аанарԥшит зус иазҟазаз, ажәытә аԥсуа жәлар рашәаҳәареи рыкәшареи еиқәзырхоз, еиҭашьақәзыргылоз коллективны. 1935 шықәса рзы ансамбль ахкынагӡаҩцәа алахәын Лондон имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи жәлар рыкәашарақәа рфестиваль.
Ажәабжьқәа зегьы
0