Урыстәыла

Ҭырқәтәыла АКХ: Ердоган 54% абыжьқәа инареиҳаны иоуит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин встретился с президентом Турции Р. Т. Эрдоганом
Президент РФ В. Путин встретился с президентом Турции Р. Т. Эрдоганом - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2023
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысит амҽыша, лаҵара 28 рзы.
АҞӘА, лаҵара 28 - Sputnik. Иахьатәи Ҭырқәтәыла ахада Реџьеԥ Таиип Ердоган аиааира игоит 54% абыжьқәа иманы, абиуллетеньқәа 55% анырԥхьаӡаз ашьҭахь, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Аҳмеҭ Иенер.
"Ҳара 54,6% абыжьқәа ҳаԥхьаӡахьеит. (Қьемаль - аред.) Қылычдароӷлу изы рыбжьы рҭиит 45,53%, Ердоган изы - 54,47%", - ҳәа адырра ҟаиҵеит Иенер апресс-конференциаан.
Ҭырқәтәыла ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысит амҽыша, лаҵара 28 рзы, алхратә ҭыԥқәа аартын асааҭ 08:00 инаркны 17:00 рҟынӡа. Ахада иҭыԥ иашьҭоуп иахьатәи Ҭырқәтәыла ахада Реџьеԥ Таиип Ердогани аоппозициаа рҟынтәи иаку акандидат Қьемаль Қылычдароӷлуи.
Ажәабжьқәа зегьы
0