Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Игәырӷьара ҳәаак амамызт: Семион Кочетков игәаҳәара шынагӡахаз

Анапаҵаҩра
Афонд "Ашанеи", РУСДРАМи, аидеиа автор Анна Савиловеи рыбзоурала, аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны адгыларала апроект "Аҟазара ҳәаадоуп" аусура иалагеит.
Апроект "Аҟазара ҳәаадоуп" аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәыҷтәы хшыбаҩтә дабла (ДЦП) змоу 8 шықәса зхыҵуа аҟәатәи аҷкәын Семион Кочетков аԥснытәи ашьапылампыласцәа драбадырит, ашьапылампылтә клубқәа "Аԥсни" шәачатәи "Трактори" реиҩызаратә хәмарраҿы ампыл адәы раԥхьаӡа иқәиҵеит.
Семион ахәмарра иалагаанӡа акоманда аҽыԥсахырҭаҿы дрыдыркылеит, аспортсменцәа рнапқәа изеинырҟьеит. Ҳамҭас ирҭеит урҭ рнапы зқәырҩыз ампыл, аномер "10" зну акьаҿ, абираҟ. Ашьапылампыл азы Аԥсны еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хада Беслан Гәыблиа иакәзар, ихылԥа ааихихын асас дахь инеихеиҵеит.
Апроект "Аҟазара ҳәаадоуп" ззырхоу зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа асоциалтәи акультуратәи усхкқәа ралархәра ауп. Апроект иалахәхар рылшоит афонд "Ашана" хылаԥшра зырҭо рнаҩсгьы 18 шықәса ирҭымсыц зылшара ԥку егьырҭгьы. Уи азы афонд аԥошьҭахь инашьҭтәуп "Сара сгәаҳәара" атемала аҭоурыхқәа. Аҭоурыхқәа зегьы кьыԥхьхоит аинформациа аганахьала адгылара рызҭо амаҵзура Sputnik Аԥсны аҟны. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны РУСДРАМ арежиссиор ҭоурыхқәак алхны ԥхьаҟа иқәыргылахо иҷыдоу аспектакль азы асценари азирхиоит, уи иалахәхоит атеатр актиорцәа реиԥш, зылшара ԥку ахәыҷқәеи иааԥхьоу актиори.
Азыҳәақәа лаҵара 31 рҟынӡа инашьҭтәуп абри аԥошьҭахьгьы: iskusstvobezgranits@gmail.com. Аҭоурыхқәа акьыԥхь, авидео, аудио форматқәа рыла ирхиазар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0