https://sputnik-abkhazia.info/20230531/lanyrkha-ayay-aymangagat-tsaa-aakha-aiuit-adgyl-akhyazaz-iakhany--1046101448.html
Ҟәланырхәа ақыҭаҿы аӡымҩангагатә цәаҳәа ааха аиуит адгьылҳәазара иахҟьаны
Ҟәланырхәа ақыҭаҿы аӡымҩангагатә цәаҳәа ааха аиуит адгьылҳәазара иахҟьаны
Sputnik Аҧсны
Аӡымҩангагатә цәаҳәа ааха иаиуз иахҟьаны Ҟәланырхәа, Абӷархықә, Гәдоуҭа ахәҭак руааԥсыра ӡыда иаанхеит. 31.05.2023, Sputnik Аҧсны
2023-05-31T18:17+0300
2023-05-31T18:17+0300
2023-06-05T18:32+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
ауаажәларра
гәдоуҭа араион
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/1f/1046099065_0:238:960:778_1920x0_80_0_0_7376b440c0c3fd0584efc1738801b540.jpg
АҞӘА, лаҵара 31 – Sputnik, Бадри Есиава. Ҟәланырхәа ақыҭаҿы аӡымҩангагатә цәаҳәа ааха аиуит адгьылҳәазара иахҟьаны, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион Аӡыршьҭра аиҳабы Оҭар Леиба. "150 метра рҟынӡа 280 миллиметра иҭбаау атруба ааха аиуит. Ари ҟалеит аԥшьашаҽны. Мчыбжьык ирықәуп Ҟәланырхәа, Абӷархықә ақыҭақәа ӡыда иҟоижьҭеи. Атруба ԥсахтәуп, уи аахәаразы азҵаара ҳаӡбоит", - иҳәеит иара. Леиба иҳәеит атруба аахәаны, уи аҭыԥ аҿы ишьҭаҵаны аусурақәа рхыркәшара ҩымчыбжьа рҟынӡа шаҭаххо. Убри аан атруба анаахәахо азҵаара аҭак изыҟамҵеит. Ӡыла аиқәыршәаразы апроблемақәа ыҟоуп ақалақь агәани Замостианка араион аҿи. Ақалақь ауааԥсыра арҭ амшқәа рзы аӡы роуеит арезервтә ӡыҭгагатә станциа "Ааԥсҭа" аҟынтә.
гәдоуҭа араион
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/1f/1046099065_0:148:960:868_1920x0_80_0_0_55c75d87c1dfe2e28aa626526a0b8840.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ауаажәларра, гәдоуҭа араион
ажәабжьқәа, ауаажәларра, гәдоуҭа араион
Ҟәланырхәа ақыҭаҿы аӡымҩангагатә цәаҳәа ааха аиуит адгьылҳәазара иахҟьаны
18:17 31.05.2023 (ирҿыцуп: 18:32 05.06.2023) Аӡымҩангагатә цәаҳәа ааха иаиуз иахҟьаны Ҟәланырхәа, Абӷархықә, Гәдоуҭа ахәҭак руааԥсыра ӡыда иаанхеит.
АҞӘА, лаҵара 31 – Sputnik, Бадри Есиава. Ҟәланырхәа ақыҭаҿы аӡымҩангагатә цәаҳәа ааха аиуит адгьылҳәазара иахҟьаны, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион Аӡыршьҭра аиҳабы Оҭар Леиба.
"150 метра рҟынӡа 280 миллиметра иҭбаау атруба ааха аиуит. Ари ҟалеит аԥшьашаҽны. Мчыбжьык ирықәуп Ҟәланырхәа, Абӷархықә ақыҭақәа ӡыда иҟоижьҭеи. Атруба ԥсахтәуп, уи аахәаразы азҵаара ҳаӡбоит", - иҳәеит иара.
Леиба иҳәеит атруба аахәаны, уи аҭыԥ аҿы ишьҭаҵаны аусурақәа рхыркәшара ҩымчыбжьа рҟынӡа шаҭаххо. Убри аан атруба анаахәахо азҵаара аҭак изыҟамҵеит.
Ӡыла аиқәыршәаразы апроблемақәа ыҟоуп ақалақь агәани Замостианка араион аҿи. Ақалақь ауааԥсыра арҭ амшқәа рзы аӡы роуеит арезервтә ӡыҭгагатә станциа "Ааԥсҭа" аҟынтә.