Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи аруаа ааха рырҭеит аӡбрақәа ахьрыдыркыло украинатәи ацентрқәа

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота морской пехоты в зоне СВО
Работа морской пехоты в зоне СВО - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа ааха рырҭеит аӡбрақәа ахьрыдыркыло украинатәи ацентрқәа, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа Урыстәылатәи аруаа мраҭашәаратәи аҟазауаа алархәны атеррористтә актқәа рзы аӡбрақәа ахьрыдыркыло украинатәи ацентрқәа ааха рырҭон икылкаан ихысуа абџьар ала ахарантәи. Иарбаз аобиектқәа зегьы аахақәа роуит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аусбарҭа адыррала Купиансктәи ахырхарҭаҿы иҭархан 40-ҩык украинатәи аибашьцәа, автомашьынақәа хԥа, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", арадиолокациатә станциа AN/TPQ-50 (ЕАА).
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы иҭахеит 85-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа ҩба, апикапқәа ҩба, агаубица Д-20, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", Донецктәи ахырхарҭаҿы - 145-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа хԥа, агаубица Д-30, УАМ 54-тәи абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Работа российских средств ПВО на Харьковском направлении - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2023
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи арбџьчармчқәа украинатәи аеродромқәа ааха рырҭеит
Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы Киев 140 солдаҭи, автомашьынақәа ԥшьбеи ацәыӡит, Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 30 еибашьҩы, хә-автомашьынак, артиллериатә шьақәгыла "Акация", агаубицақәа Д-30, "Мста-Б".
Аоператив-тактикатә авиациеи, артиллериеи УАМ 88 артиллериатә ҟәша ааха рырҭеит, 96 раион рҿы иҭархоуп аибашьцәеи атехникеи. Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа быжьба, аракета HARM, аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа ааба.
Ажәабжьқәа зегьы
0