https://sputnik-abkhazia.info/20230608/asny-aazalkhrat-zakaneidkyla-akti-akharaan-ausura-ialadyrgeit-1046225380.html
Аԥсны Аҳазалхратә закәанеидкыла актәи аԥхьараан аусура иаладыргеит
Аԥсны Аҳазалхратә закәанеидкыла актәи аԥхьараан аусура иаладыргеит
Sputnik Аҧсны
Уаанӡатәи Аҳазалхратә закәанеидкыла 1990 шықәсазы аусура иаладыргахьан. 08.06.2023, Sputnik Аҧсны
2023-06-08T14:57+0300
2023-06-08T14:57+0300
2023-06-08T14:57+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102937/90/1029379036_0:0:2000:1125_1920x0_80_0_0_08e95984d78ed9ec420bdfe73c1ed062.jpg
АҞӘА, рашәара 8 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Жәлар Реизара актәи аԥхьараан Аҳазалхратә закәанеидкыла аусура иаланаргеит . Аԥсны Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа иазгәеиҭеит ари азакәанеидкыла аҟәшақәа 10, ахқәа 65, ахәҭаҷқәа 488 шагәылоу. Уи иҳәаақәнаҵоит аҳәаа атауар ахыгареи, адекларациа азуреи, еиуеиԥшым аҳазалхратә операциақәа рымҩаԥгареи аԥҟарақәа. Ари азакәанеидкыла Аԥсны ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы раԥхьаӡа еиқәыршәоуп, уаанӡатәи 1990 шықәсқәа рзы иаԥҵан.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102937/90/1029379036_223:0:2000:1333_1920x0_80_0_0_c0e4f8c3f19d37507c88d82ec2118dd3.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аԥсны Аҳазалхратә закәанеидкыла актәи аԥхьараан аусура иаладыргеит
Уаанӡатәи Аҳазалхратә закәанеидкыла 1990 шықәсазы аусура иаладыргахьан.
АҞӘА, рашәара 8 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Жәлар Реизара актәи аԥхьараан Аҳазалхратә закәанеидкыла аусура иаланаргеит .
Аԥсны ахада Апарламент аҿы ихаҭарнак Анри Барцыц иажәақәа рыла, азакәанеидкыла апроект аиқәыршәараан урыстәылатәи рколлегацәа ирыдҵаалеит аҩтәылак рзакәанԥҵарақәа реинрааларазы апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны. Адокумент Аԥсны аиҳабыра азыразхахьеит.
Аԥсны Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа иазгәеиҭеит ари азакәанеидкыла аҟәшақәа 10, ахқәа 65, ахәҭаҷқәа 488 шагәылоу. Уи иҳәаақәнаҵоит аҳәаа атауар ахыгареи, адекларациа азуреи, еиуеиԥшым аҳазалхратә операциақәа рымҩаԥгареи аԥҟарақәа.
Ари азакәанеидкыла Аԥсны ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы раԥхьаӡа еиқәыршәоуп, уаанӡатәи 1990 шықәсқәа рзы иаԥҵан.