Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәымба еиҭеиҳәеит "Apsny-Star" аҩбатәи асезон актәи аконцерт зеиԥшрахо атәы

© Sputnik / Томас Тхайцук Кастинг на ApsnyStar
Кастинг на ApsnyStar - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.06.2023
Анапаҵаҩра
Амузыкатә шоу "Apsny-Star" аҩбатәи асезон актәи аконцерт мҩаԥгахоит Аԥснытәи аҳәынҭфилармониаҿы рашәара 27 рзы.
АҞӘА, рашәара 8 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. "Apsny-Star" аҩбатәи асезон актәи аконцерт аилыԥшааратә акәхоит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит амузыкатә проект апродиусер Анри Гәымба.
Иара иазгәеиҭеит, апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны алахәылацәа раԥхьатәи рықәгылара рхала рыҽшазыҟарҵо.
"Уажәтәи аилыԥшааратә концертхоит, иқәгыло 20-ҩык рахьынтәи 15-ҩык арҵаҩцәа ргәыԥқәа рахь иалырхуеит. Арҵаҩцәа Ильда Кәычбериаԥҳаи Фаиа Мархолиаԥҳаи апроект аҟны иаанхоит, аҳԥатәи дыԥсаххоит, макьана урҭ рацәажәара цоит", - ҳәа иҳәеит Гәымба.
Анри Гумба иҳәеит, аҩбатәи асезон азы ишазгәаҭоу ԥшь-концертк, дара мызкы ахьынтәи знык имҩаԥгалахоит рашәарамза инаркны цәыббрамзанӡа. Жьҭаарамза инаркны ԥхынҷкәынмзанӡа ахԥатәи асезон мҩаԥыслоит. Апроект афинал мҩаԥгахоит ԥхынҷкәынмзазы.
Финал первого сезона Apsny-Star - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2023
Аԥсны
Афинал аҳамҭақәа: "Apsny-Star" актәи асезон аҵыхәтәантәи аконцерт
Мшаԥы 30 рзы имҩаԥгаз алԥшаара алҵшәақәа рыла, раԥхьатәи аконцерт аҟны иқәгылоит Елизавета Аммаева, Елизавета Ершова, Леван Пхалаӡе, Диана Диоскуриа, Кристина Кәыбрааԥҳа, Едуарда Бебиаԥҳа, Гәында Абыхәԥҳа, Алиас Ҟалӷьы, Лаура Ҳагԥҳа, Милена Кәыҵниаԥҳа, Таисиа Сердиук, Камилла Кәарацхьелиаԥҳа, Диана Чкадуаԥҳа, Ерик Ҳаҭхәа.
Урҭ ирыцлоит уаанӡа иалырххьаз Инна Коионова, Нила Начҟьебиаԥҳа, Сариа Аииԥҳа, Диана Карбашиан, Рената Хаджиева, Муслим Ларго.
Ажәабжьқәа зегьы
0