Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Сақаниа Кәыџба иашҭа ирбаз аԥшаах азы: аартра бзиоуп, аартра дууп

Сақаниа Кәыџба иашҭа ирбаз аԥшаах азы: аартра бзиоуп, аартра дууп
Анапаҵаҩра
Кәыџба иашҭа аҭыԥҳәаарк аҿы археологиатә ԥшаарақәа раан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҵарауаа ирԥыхьашәаз амаҭәар, уи зҵазкыр зылшо аамҭа, иаанырԥшуа атәы арадио Sputnik аефир аҟныдалацәажәеит аекспедициа алахәыла Сурам Сақаниа.
Иҷыдоу аԥшаах рԥыхьашәеит аԥсуа ҵарауаа Кәыџба иашҭа аҭыԥҳәаарк аҿы. Лаҵарамза 22 инаркны 29 рҟынӡа имҩаԥысуаз археологиатә ԥшаарақәа раан шәагаала имаҷу аҳаԥсы (адольмен) аҟны ирбеит аскульптура. Уи аԥхәыс лыскульптуроуп, излыхугьы еиҳарак ахаҳәлых еиԥшуп, ҳәа азгәарҭеит аҵарауаа. Кәыџба иашҭаҿ имҩаԥгаз археологиатә експедициа иалахәын Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҵарауаа Алик Габелиа, Сурам Сақаниа, Гарик Сангәлиа.
Аԥшаах инарҭбааны арадио Sputnik аефир аны далацәажәеит ААУ аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи ркафедра арҵаҩы Сурам Сақаниа.
"Ари акыц иалхуп ҳҳәар ауеит, ауаҩы исахьа ануп, хымԥада. Аԥхәыс лакәзаргьы ҟалап ҳәа агәҩара ҳамоуп. Са усазҵаауазар, уиаҟара уахь сгәы хам, ахаҵа исахьа аума уҳәо иҟоуп, аха аҵарауаа зегьы ирҳәо садгылаҩуп. Ус анакәха Аԥсны џьара-џьара адольменқәа ахьыҟоу ауаҩы иԥылар ауеит ауаҩы исахьа еиԥшу усҟан изымҵаныҳәоз анцәа иоума, ма ус еиԥш хырхарҭак амоума, абри аҩыза ҳаԥшааит… Хә-нызқь шықәса инарзынаԥшуа уажәаԥхьа, иаагозар, Кәыџба иашҭа аиланхарҭаҟны инхоз дрыман ныхаԥааҩык, уи имазар акәхарын сахьак изымҵаныҳәоз. Аамҭак азы уаҩ дук даныржуаз, ибаҩқәа адамра ианҭарцоз, ицҭарҵазар ҟалап ари (аскульптура). Уи ишицҭарҵаз еиқәханы инхеит, иҳаԥшааит убри. Хәаԥгьы ирыԥшаахьан ус еиԥш, амала "ин ситу" ҳәа археологцәа иззырҳәо ( аԥхьа иахьыҟарҵаз аҭыԥ , еиҭарымгац-азгәаҭа) аҿы акәӡам. Ҳара иара ахьыҟаз иаҳбеит еицакрак амҭакәа. Убри аҟынтәи аартра бзиоуп, аартра дууп ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Сақаниа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0