Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ацхыраара ласы аҭыԥқәа аадыртуеит Аԥсны ареспубликатә мҩаду аҿықәан

© Sputnik / Томас ТхайцукМашина скорой помощи
Машина скорой помощи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2023
Анапаҵаҩра
Ацхыраара ласы аҭыԥқәа аадыртуеит хыџьара - агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ "Мысра", Риҵатәи апарк, Тамшь ақыҭан.
АҞӘА, рашәара 10 – Sputnik. Ацхыраара ласы аҭыԥқәа хԥа аадыртуеит Аԥсны ареспубликатә мҩаду аҿықәан. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Актәи аҭыԥ ҟалоит агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ "Мысра" аҿы. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа иажәақәа рыла, ари аушьҭырҭатә ҭыԥ инаркны Гәдоуҭа ақалақь аҟынӡа акырџьара амҩатә машәырқәа ҟалалоит.
Иара иазгәеиҭеит ацхыраара аҭарҭа аартра иабзоураны ацхыраара ласы амашьына ааира аамҭа акыр имаҷхоит, "ахьтәы сааҭ" захьӡу аамҭа амырӡра алнаршоит.
Аԥхьаҟа агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ "Мысра" аҿы амедицинатә ҭыԥ ду дыргылоит. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иажәақәа рыла, уа аус рулоит аоператор, амашьынарныҟәцаҩ, афельдшер.
"Ианаҭаххалак, амашьына Гагра араион ахьгьы, Гәдоуҭа араион ахьгьы анеира алшоит. 30-40 километра аҵакыраҿы ашәарҭадара иацхраалоит. Уи иабзоураны жәаҩыла ауаа рыԥсҭазаарақәа реиқәырхара ауеит", – иҳәеит Быҭәба.
Даҽа цхыраара ҭыԥк аадыртуеит Риҵатәи аредикттә милаҭтә парк аҿы. Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит уа уаҳа назҭахым амедицинатә ҭыԥ рымоуп, аха атранспорт рымаӡам.
"Арантәи ак ҟаланы аӡә дырзасыр, Гәдоуҭантәи ма Гагрантәи ауп ацхыраара ласы амашьына шаауа. Аха аԥхын амҩа сааҭки бжаки аамҭа агоит. Убри азы акурорттә сезон аан апарк ацхыраара ласы амашьына аҳҭоит. Уи иабзоураны апациент иаҳа ирласны ахәшәтәырҭахь инагара алшоит", - иҳәеит Едуард Быҭәба.
Даҽа цхыраара ҭыԥк аадыртуеит Очамчыра араион Тамшь ақыҭан.
Ажәабжьқәа зегьы
0