https://sputnik-abkhazia.info/20230614/bartsyts-aaua-aeianakueit-akha-ui-auay-datsnyazaroup-1046337287.html
Барцыц: аҳауа аҽеиҭанакуеит, аха уи ауаҩы дацныҟәазароуп
Барцыц: аҳауа аҽеиҭанакуеит, аха уи ауаҩы дацныҟәазароуп
Sputnik Аҧсны
Аԥсны адгьылҭҵааратә еилазаара аиҳабы Леуард Барцыц арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иааидкыланы адунеи аҿы имҩаԥысуа аҳауа аҽеиҭакра аԥсабара ишаныруа, уи... 14.06.2023, Sputnik Аҧсны
2023-06-14T20:00+0300
2023-06-14T20:00+0300
2023-06-14T20:00+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/0e/1046337118_0:33:1920:1113_1920x0_80_0_0_7ffa267c515bd8b45f3b49235e6f4c2a.jpg
Барцыц: аҳауа аҽеиҭанакуеит, аха уи ауаҩы дацныҟәазароуп
Sputnik Аҧсны
Барцыц: аҳауа аҽеиҭанакуеит, аха уи ауаҩы дацныҟәазароуп
Аҳауа аҭагылазаашьа акырӡа аҽаԥсахит, аха бжьаратәла акырӡа иҭашәынтәаланы иҟоу ҭыԥ дгьылуп Аԥсны Урыстәыла иаҿырԥшны ҳахәаԥшуазар ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Барцыц."Аԥсны аҳауа аҽеиҭакра иҟало инарҭбааны аҭҵаара аҭахуп. Уи бжьажьны иҳамоуп. Уаанӡа аҳауеи аӡқәеи гәаӡҭо 27 станциа ыҟан, иахьа акызаҵәык ауп аус зуа. Аԥсабара аҽеиҭанакуеит, убри аан ҳаргьы иҳармаҷит агәаҭарақәа", - ҳәа иҳәеит Барцыц.Аҵарауаҩ иазгәеиҭеит, амашәыр иахәҭам аргыларақәа ирхылҿиаар шалшо."Уаанӡа аҩны дыргылома, амҩа ҟарҵома адгьыли аӡқәа рцашьеи ҭырҵаауан, иахьа акәара хәыҷқәа ииасуаз хаҳҩеит, аӡымҩангагақәа ҳаршьаҟьеит. Адгьыл ахьҳәазо аҭыԥқәа рҿы аргыларақәа ҳарҿуп. Амшын даара аҽарҭынчны иҟоуп, уи иаҳа узыршәаша ҭагылазаашьоуп. Лассы-лассы ацәқәырԥақәа аныҟоу амч аҽаҟьоит, аха амцхә ианҭынчу даҽа цәырҵрак ҟанаҵар алшоит", – иҳәеит Барцыц.Гагратәи ахҭыс ауаҩы ихарала иҟалаз акоуп, аԥсабара азакәанқәа ирықәныҟәалатәуп ҳәа инаҵишьит аҵарауаҩ.Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/0e/1046337118_127:0:1836:1282_1920x0_80_0_0_9934b6e65a945103e9689d0fcc60b4ea.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Барцыц: аҳауа аҽеиҭанакуеит, аха уи ауаҩы дацныҟәазароуп
Аԥсны адгьылҭҵааратә еилазаара аиҳабы Леуард Барцыц арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иааидкыланы адунеи аҿы имҩаԥысуа аҳауа аҽеиҭакра аԥсабара ишаныруа, уи иацу ахҟьаԥҟьақәа, ауаҩы инапала аԥсабара иаиҭо ааха анаҩс иахылҿиаауа атәы.
Аҳауа аҭагылазаашьа акырӡа аҽаԥсахит, аха бжьаратәла акырӡа иҭашәынтәаланы иҟоу ҭыԥ дгьылуп Аԥсны Урыстәыла иаҿырԥшны ҳахәаԥшуазар ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Барцыц.
"Аԥсны аҳауа аҽеиҭакра иҟало инарҭбааны аҭҵаара аҭахуп. Уи бжьажьны иҳамоуп. Уаанӡа аҳауеи аӡқәеи гәаӡҭо 27 станциа ыҟан, иахьа акызаҵәык ауп аус зуа. Аԥсабара аҽеиҭанакуеит, убри аан ҳаргьы иҳармаҷит агәаҭарақәа", - ҳәа иҳәеит Барцыц.
Аҵарауаҩ иазгәеиҭеит, амашәыр иахәҭам аргыларақәа ирхылҿиаар шалшо.
"Уаанӡа аҩны дыргылома, амҩа ҟарҵома адгьыли аӡқәа рцашьеи ҭырҵаауан, иахьа акәара хәыҷқәа ииасуаз хаҳҩеит, аӡымҩангагақәа ҳаршьаҟьеит. Адгьыл ахьҳәазо аҭыԥқәа рҿы аргыларақәа ҳарҿуп. Амшын даара аҽарҭынчны иҟоуп, уи иаҳа узыршәаша ҭагылазаашьоуп. Лассы-лассы ацәқәырԥақәа аныҟоу амч аҽаҟьоит, аха амцхә ианҭынчу даҽа цәырҵрак ҟанаҵар алшоит", – иҳәеит Барцыц.
Гагратәи ахҭыс ауаҩы ихарала иҟалаз акоуп, аԥсабара азакәанқәа ирықәныҟәалатәуп ҳәа инаҵишьит аҵарауаҩ.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.