Урыстәыла

Андреи Стенин игәалашәара иазку 2023 шықәсазтәи аицлабра асиа кьаҿ ркьыԥхьит

© Sputnik / Мигель Кандела / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие выставки конкурса им. Андрея Стенина в Барселоне
Открытие выставки конкурса им. Андрея Стенина в Барселоне - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2023
Анапаҵаҩра
Еиуеиԥшым аноминациақәа рҟны аиааира згази агран-при заузи рыхьӡқәа рҳәоит цәыббрамзазы.
АҞӘА, рашәара 15 – Sputnik. Андреи Стенин игәалашәара иазку афоторепортиорцәа ҿарацәа рыбжьара аицлабра ажиури ирыланаҳәеит 2023 шықәсазы аиааира иазықәԥаша алахәцәа рсиа.
Алахәцәа зегьы рсиеи рфотоҭыхымҭақәеи зегьы аконкурс асаит аҟны иҭагалоуп урысшәалеи англыз бызшәалеи.
"Ари акрызҵазкуа, зегь ззыԥшу хҭысуп, алахәылацәа рзеиԥши аицлабра аиҿкааҩцәеи рзы. Жәларбжьаратәи аилак, аиҿкааратә еилак, аусутә гәыԥ зегьы есышықәса ҳгәы хыҭхыҭуа ҳазыԥшуп, аусумҭақәа ҳауеит. Есышықәса ҳгәыӷуеит еиҳа-еиҳа аусумҭақәа еиӷьхоит ҳәа, иара ус иагьыҟалоит. Адунеи ахсаалаҿы ҳаицлабра зегь здызԥхьалахо хҭысхеит, уи иалахәхар рҭахуп еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи афотоҭыхыҩцәа", – лҳәеит аицлабра акуратор Оксана Олеиник.
Андреи Стенин ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аицлабра афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥуп. Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааит.
Есышықәса уи иалахәхо атәылақәа рхыԥхьаӡа иацлоит. Сынтәа 50 тәыла рҟынтәи иаарышьҭит х-нызқь рҟынӡа афотосахьақәа. Урҭ рыбжьара иҟоуп Бурунди, Бахреин, Босниеи Герцеговинеи.
Андреи Стенин, амедиагәыԥ "Россия сегодня" афотокорреспондент, 2014 шықәсазы Донецк амҵан инапынҵақәа рынагӡараан иҭахаз ихьӡ ахуп. Жәларбжьаратәи аинформациатә партниорны иҟоуп: аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik, RT ателеканали апортали , амедиахолдинг Independent Media (ЮАР), ажәабжьтә маҵзура ANA (ЮАР), Shanghai United Media Group (SUMG) (Китай), агазеҭ China Daily (Китаи) аинтернет-портал, аинтернет-портал The Paper (Китаи), амедиаҳа Al Mayadeen (Ливан).
Ажәабжьқәа зегьы
0