Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьопуа 2022 шықәсазтәи ақыҭанхамҩатә проектқәа рылҵшәақәа ртәы

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьопуа 2022 шықәсазтәи ақыҭанхамҩатә проектқәа рылҵшәақәа ртәы
Анапаҵаҩра
Ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны 2022 шықәсазтәи ақыҭанхамҩатә проектқәа рынагӡашьа алҵшәақәа араионқәа хԥа рҟны игәеиҭеит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
"Араионқәа зегьы ҳархысырц ауп. Очамчыра, Аҟәа, Гәдоуҭа араионқәа ҳархысхьеит. Сынтәа ахԥатәи ашықәс ауп ақыҭанхамҩа аҿиаразы 100 миллион мааҭ азоурыжьҭуеижьҭеи. Абарҭ апроектқәа ибзианы аус руеит ҳәа рзуҳәаратә иҟоуп. Уи гхак ахьыҟам ыҟам, убарҭ рыҭҵааразоуп еиҳарак араионқәа, ақыҭақәа ҳзырҭаауа. Уаҩы деигәырӷьаратә иҟоуп игәаҳҭаз апроектқәа. Зхала акы иаҿны ацхыраара зауз зегьы рпроектқәа аус руеит… Абри (ақыҭанхамҩатә программа - азгә.) еиҳарак хықәкыс иамоу, ҳтәылахь иаарго аалыҵ аҭыԥантәи ала аԥсахра иахәарц ауп, ҳара иаҳтәу акультурақәа аџьармыкьаҟны иаҳа аԥыжәара роурц", - иҳәеит Џьопуа.
Иара иазгәеиҭеит ҩышықәса рыбжьара ақыҭанхамҩатә проектқәа рынагӡаразы ҽыц ахархәара шрызу 160 гектар рҟынӡа адгьылқәа, 100-ҩык ашықәс зегьы аус ахьыруа ыҟоуп.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0