00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
Сезон пикников
14:56
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:34
13 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:34
13 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭа араион апрокуратура Еӷьа иалаҳаз ахәыҷы иус азы агәаҭарақәа мҩаԥнагоит

© Foto / МЧС Абхазии Поиски туристки в районе реки Гега
Поиски туристки в районе реки Гега  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.06.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа хымш ҵуеит аӡиас Еӷьа иалаҳаз ахәыҷы ишьҭоуижьҭеи. Аԥшаарақәа ирылахәуп 50-ҩык инареиҳаны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи Риҵатәи амилаҭ парки русзуҩцәа, иара убас аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ҩбеи.
ГӘДОУҬА, рашәара 19 - Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион апрокуратура агәаҭарақәа мҩаԥнагоит аӡиа Еӷьа иалаҳаз ԥшьышықәса зхыҵуаз ахәыҷы иус азы, абри атәы араион ахадара аилатәараҟны иҳәеит апрокурор Едуард Шамба.

"Беларуснтәи иааз аҭаацәа - ани аби, ҩыџьа рхәыҷқәа рыманы Еӷьатәи аӡхыҽҽа иаҭааит. Аганаҿы ақыдуаха иалхны аӡы арсырҭа ыҟоуп, убра ахәыҷы ифотосахьа ҭырхырц дахьықәдаргылаз далҟьан аӡы далаҳаит. Иаӷьны илеиуаз аӡы ахәыҷы дагеит. Ан иаразнак ахәыҷы иеиқәырхара лҽазылшәеит, аха илыҵшәадахеит. Ларгьы цәгьала аӡы дамырхит", - иҳәеит иара.

Шамба иазгәеиҭеит, ари аӡы арырҭа иахәҭоу ашәарҭадара анормақәа ишрықәымшәо, Гәдоуҭатәи араионтә прокуратура иҟалаз ахҭыс азы агәаҭарақәа шымҩаԥнаго.
Иара убасгьы иҳәеит, рашәарамза алагамҭазы амилаҭ парк аҟны амашәыр шыҟалаз, Ҩыԥсара аиҩхааҿ илеиз ахаҳә ахаҵа иаахан дышԥсыз, аԥҳәыс лшьапы ԥҵәаны ахәшәтәырҭахь дышнагаз. Арҭ урыстәылантәи иааз туристцәан, дара зықәтәаз амашьына ацаҟьа иаҵадыргылеит.
Апрокурор иҳәеит, Ҩыԥсаратәи аиҩхааҿ иахьшәарҭоу аҭыԥқәа рыҟны амашьынақәа раанҿасра аԥырҟәҟәаразы аӡбамҭа рыдыркылар ҟалар шалшо.
Горная река - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.06.2023
Аԥсны
Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа ҩымш ҵуеит аӡиас Еӷьа иалаҳаз ахәыҷы ишьҭоуижьҭеи
Ажәабжьқәа зегьы
0