https://sputnik-abkhazia.info/20230619/naraa-rykhynra-asua-ys-akhatsa-rkollektiv-shaylaz-1046411201.html
"Нарҭаа" рыхынҳәра: аԥсуа ԥҳәыс ахацәа рколлектив шаԥылҵаз
"Нарҭаа" рыхынҳәра: аԥсуа ԥҳәыс ахацәа рколлектив шаԥылҵаз
Sputnik Аҧсны
Абар уажәшьҭа ҩы-шықәса ҵуеит аҳәынҭфилармониа аҩбатәи аихагыла аҟынтәи аԥсуа жәлар рфырхаҵаратә шәақәа назыгӡо ахацәа рашәаҳәабжь аҩуеижьҭеи. Араҟа... 19.06.2023, Sputnik Аҧсны
2023-06-19T15:41+0300
2023-06-19T15:41+0300
2023-06-19T16:06+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/0e/1046334462_0:161:3068:1887_1920x0_80_0_0_d18ac9118161dad77a35ce462afaefd9.jpg
1948 шықәсазы Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, акомпозитор Иван Кортуа иаԥшьгарала иаԥҵан аԥсуа быргцәа рыла ишьақәгылаз ашәаҳәареи акәашареи ретнографиатә ансамбль "Нарҭаа". Ансамбль иалахәыз рықәрақәа наӡон 70 инаркны 130 шықәсанӡа."Нарҭаа" рҭоурых1960 шықәсазы Иван Кортуа идунеи аниԥсах ашьҭахь ансамбль дахагылеит акомпозитор Константин Ченгелиа. Шықәсык ааҵуаны абыргцәа рансамбль рнапхгаҩ ҿыц дрыцны агастрольқәа роуеит Москваҟа. Уа ахәыԥшцәа хызхыз абыргцәа рансамбль иреиҳаӡоу анапхгараҭара рызҿлымҳахеит.Москватәи агострольқәа рышьҭахь "Нарҭаа" ирыдыргалеит Венгриа имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи афольклортә еицлабра аҽалархәра. Константин Ченгелиа игәаларшәуа иҳәахьан, Брежнев ихаҭа амҩа бзиа шырзеиӷьеишьаз.Ақәра дуқәа змаз ашәаҳәаҩцәа 12-ҩык, рықәрақәа зегьы аицҵаны 1000 шықәса злыҵуаз Венгриаҟа амҩа иқәлеит. Арҭ абыргцәа аицлабра рҽалархәра акәым, аицлабра ахраҿа хада – "Ахьтәы Таташь" иагьаиааит. Аԥсны ианааи, "Нарҭаа" Жәлар рансамбль ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵан."Ахьтәы Таташь" ианаиааи ашьҭахь аетнографиатә ансамбль "Нарҭаа" Асовет Еидгыла аҳәынҭқаррақәа жәпакы ирҭааны аконцертқәа рхы рыладырхәит, иҟан иара убас Ҭырқәтәыла, Иапониа, Германиа уҳәа аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рҟны. Ҳәарада аԥсуа хәаԥшҩцәагьы "Ахьтәы Таташь" мбаӡакәа инымхаӡеит, аԥсуа қалақьқәа зегьы идырбан аҭоурых иазынхаз ахраҿа.АиҭеираАԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ансамбль еилаҳаит, уи аамҭаз алахәылацәа аӡәырҩы рыдунеи рыԥсахит. 30 шықәса рышьҭахь ҩаԥхьа ансамбль "Нарҭаа" асценахь ицәырҵуеит арепертуар ҿыц, анапхаҩ ҿыц, зегь рыла ирҿыцны.Иҳаҩсыз ашықәс азы Аԥсны акультура аминистрра Жәлар ратистка Роза Чамагәуаԥҳа лнапы ианырҵеит, адунеи аҟны зыхьӡ неҩхьаз абыргцәа рансамбль "Нарҭаа" аиҭашьақәыргылара. Лара лажәақәа рыла, азнак азын илыдыргалаз дацәшәеит."Ари аҳәара мариоуп, аха аҟаҵара уадаҩуп. Сшәон уажәшьа Аԥсны ас аҟазара злоу абыргцәа ыҟамзар ҳәа. Изызҳауа ахәыҷқәа адуцәа рҟынтәи аԥсуа жәлар рашәақәа рмаҳар, зынӡа иӡоит", - лҳәеит лара.Роза илдыруаз аҭелқәа дырзасны Аԥсны араионқәеи ақыҭақәеи рҟынтәи 23-ҩык артистцәа еидылкылеит. Шықәсык инацны иҵоит Гагра, Тҟәарчал, Ԥақәашь, Жәандәрыԥшь, Хәаԥ, Баслахә, Тамшь рҟынтәи мызкы ахь знык иаауеижьҭеи аҳәынҭфилармониаҟны аҽазыҟаҵарақәа рзы.Чамагәуаԥҳа илҳәеит раԥхьа дшацәыԥхашьоз аиҳабацәа, ахацәа ԥхьагылара рыҭара. Лара лажәақәа рыла дара даара пату лықәҵаны илзыӡырҩуеит."Ҳара ҳаԥсыуаами, бзиа иаабоит ацәажәара, аӡәы ацәажәара даналагалак, егьырҭ ус рҳәоит: "Ашьшьыҳәа лара ара дгылан дҳазԥшуп", - ҳәа еибырҳәоит дара дара", - еиҭалҳәеит Чамагәуаԥҳа. Иагьшәаҳәоит, иагьыкәашоитЗегьы иреиҳабу артист 85 шықәса ихыҵуеит, зегьы иреиҵбу- 69 шықәса.Абыргцәа рыбжьа афилармониа зегьы иныҩуеит аҽазыҟаҵарақәа анрымоу. Ансамбль арепертуар аҟны жәлар рфольклортә ашәақәа "Нарҭаа рашәа", "Озбақь иашәа", "Рафида" уҳәа иааидкыланы жә-номерк ыҟоуп.Ҿыц иаԥҵоу "Нарҭаа" ашәаҳәара адагьы икәашоит. Ашәа анаацәырыргалак ршьамхқәа рыҵԥраауа асцена иаахықәгьежьаауеит. Дара дара еицхыраауеит, ирыгу еибырҳәоит. Азал аҟны аныҳәатә ҭагылазаашьа аҳра ауеит. Аномерқәа рыбжьара ахацәа еихлафаауеит. Роза Чамагәуаԥҳа иазгәалҭеит, артисцәа аныҳәахь ицошәа ҽазыҟаҵарақәа рахь ишаауа. Аԥхьаҟа иазгәаҭоуп раԥхьа ақыҭақәа рҭаара, анаҩс асцена ду ашҟа рцәырҵра.
https://sputnik-abkhazia.info/20190407/Vengria-zyrshankhaz-nartaa-mamzargi-akhty-tatash-atourykh-1027033111.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/0e/1046334462_169:0:2900:2048_1920x0_80_0_0_2bc0c54ac0fdfd9fd925a2e3fc866281.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, акультура
аԥсны, ажәабжьқәа, акультура
"Нарҭаа" рыхынҳәра: аԥсуа ԥҳәыс ахацәа рколлектив шаԥылҵаз
15:41 19.06.2023 (ирҿыцуп: 16:06 19.06.2023) Абар уажәшьҭа ҩы-шықәса ҵуеит аҳәынҭфилармониа аҩбатәи аихагыла аҟынтәи аԥсуа жәлар рфырхаҵаратә шәақәа назыгӡо ахацәа рашәаҳәабжь аҩуеижьҭеи. Араҟа рҽазыҟарҵоит аԥсуа быргцәа злахәу, еиҭеиз ансамбль "Нарҭаа".
1948 шықәсазы Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, акомпозитор Иван Кортуа иаԥшьгарала иаԥҵан аԥсуа быргцәа рыла ишьақәгылаз ашәаҳәареи акәашареи ретнографиатә ансамбль "Нарҭаа". Ансамбль иалахәыз рықәрақәа наӡон 70 инаркны 130 шықәсанӡа.
1960 шықәсазы Иван Кортуа идунеи аниԥсах ашьҭахь ансамбль дахагылеит акомпозитор Константин Ченгелиа. Шықәсык ааҵуаны абыргцәа рансамбль рнапхгаҩ ҿыц дрыцны агастрольқәа роуеит Москваҟа. Уа ахәыԥшцәа хызхыз абыргцәа рансамбль иреиҳаӡоу анапхгараҭара рызҿлымҳахеит.
Москватәи агострольқәа рышьҭахь "Нарҭаа" ирыдыргалеит Венгриа имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи афольклортә еицлабра аҽалархәра. Константин Ченгелиа игәаларшәуа иҳәахьан, Брежнев ихаҭа амҩа бзиа шырзеиӷьеишьаз.
Ақәра дуқәа змаз ашәаҳәаҩцәа 12-ҩык, рықәрақәа зегьы аицҵаны 1000 шықәса злыҵуаз Венгриаҟа амҩа иқәлеит. Арҭ абыргцәа аицлабра рҽалархәра акәым, аицлабра ахраҿа хада – "Ахьтәы Таташь" иагьаиааит. Аԥсны ианааи, "Нарҭаа" Жәлар рансамбль ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵан.
"Ахьтәы Таташь" ианаиааи ашьҭахь аетнографиатә ансамбль "Нарҭаа" Асовет Еидгыла аҳәынҭқаррақәа жәпакы ирҭааны аконцертқәа рхы рыладырхәит, иҟан иара убас Ҭырқәтәыла, Иапониа, Германиа уҳәа аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рҟны. Ҳәарада аԥсуа хәаԥшҩцәагьы "Ахьтәы Таташь" мбаӡакәа инымхаӡеит, аԥсуа қалақьқәа зегьы идырбан аҭоурых иазынхаз ахраҿа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ансамбль еилаҳаит, уи аамҭаз алахәылацәа аӡәырҩы рыдунеи рыԥсахит. 30 шықәса рышьҭахь ҩаԥхьа ансамбль "Нарҭаа" асценахь ицәырҵуеит арепертуар ҿыц, анапхаҩ ҿыц, зегь рыла ирҿыцны.
Иҳаҩсыз ашықәс азы Аԥсны акультура аминистрра Жәлар ратистка Роза Чамагәуаԥҳа лнапы ианырҵеит, адунеи аҟны зыхьӡ неҩхьаз абыргцәа рансамбль "Нарҭаа" аиҭашьақәыргылара. Лара лажәақәа рыла, азнак азын илыдыргалаз дацәшәеит.
"Ари аҳәара мариоуп, аха аҟаҵара уадаҩуп. Сшәон уажәшьа Аԥсны ас аҟазара злоу абыргцәа ыҟамзар ҳәа. Изызҳауа ахәыҷқәа адуцәа рҟынтәи аԥсуа жәлар рашәақәа рмаҳар, зынӡа иӡоит", - лҳәеит лара.

Аԥсны абыргцәа рхор аҽазыҟаҵарақәа

Аԥсны абыргцәа рхор аҽазыҟаҵарақәа

Аԥсны абыргцәа рхор аҽазыҟаҵарақәа

Аԥсны абыргцәа рхор аҽазыҟаҵарақәа

Аԥсны абыргцәа рхор аҽазыҟаҵарақәа
Аԥсны абыргцәа рхор аҽазыҟаҵарақәа
Аԥсны абыргцәа рхор аҽазыҟаҵарақәа
Аԥсны абыргцәа рхор аҽазыҟаҵарақәа
Аԥсны абыргцәа рхор аҽазыҟаҵарақәа
Аԥсны абыргцәа рхор аҽазыҟаҵарақәа
Роза илдыруаз аҭелқәа дырзасны Аԥсны араионқәеи ақыҭақәеи рҟынтәи 23-ҩык артистцәа еидылкылеит. Шықәсык инацны иҵоит Гагра, Тҟәарчал, Ԥақәашь, Жәандәрыԥшь, Хәаԥ, Баслахә, Тамшь рҟынтәи мызкы ахь знык иаауеижьҭеи аҳәынҭфилармониаҟны аҽазыҟаҵарақәа рзы.
Чамагәуаԥҳа илҳәеит раԥхьа дшацәыԥхашьоз аиҳабацәа, ахацәа ԥхьагылара рыҭара. Лара лажәақәа рыла дара даара пату лықәҵаны илзыӡырҩуеит.
"Ҳара ҳаԥсыуаами, бзиа иаабоит ацәажәара, аӡәы ацәажәара даналагалак, егьырҭ ус рҳәоит: "Ашьшьыҳәа лара ара дгылан дҳазԥшуп", - ҳәа еибырҳәоит дара дара", - еиҭалҳәеит Чамагәуаԥҳа.
Иагьшәаҳәоит, иагьыкәашоит
Зегьы иреиҳабу артист 85 шықәса ихыҵуеит, зегьы иреиҵбу- 69 шықәса.
Абыргцәа рыбжьа афилармониа зегьы иныҩуеит аҽазыҟаҵарақәа анрымоу. Ансамбль арепертуар аҟны жәлар рфольклортә ашәақәа "Нарҭаа рашәа", "Озбақь иашәа", "Рафида" уҳәа иааидкыланы жә-номерк ыҟоуп.
Ҿыц иаԥҵоу "Нарҭаа" ашәаҳәара адагьы икәашоит. Ашәа анаацәырыргалак ршьамхқәа рыҵԥраауа асцена иаахықәгьежьаауеит. Дара дара еицхыраауеит, ирыгу еибырҳәоит. Азал аҟны аныҳәатә ҭагылазаашьа аҳра ауеит. Аномерқәа рыбжьара ахацәа еихлафаауеит.
Роза Чамагәуаԥҳа иазгәалҭеит, артисцәа аныҳәахь ицошәа ҽазыҟаҵарақәа рахь ишаауа. Аԥхьаҟа иазгәаҭоуп раԥхьа ақыҭақәа рҭаара, анаҩс асцена ду ашҟа рцәырҵра.