Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны иргәаладыршәеит урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Возложение цветов к мемориалу российскому миротворцу состоялось в Сухуме
Возложение цветов к мемориалу российскому миротворцу состоялось в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2023
Анапаҵаҩра
1994 шықәса инаркны 2008 шықәса рҟынӡа Аԥсны абжьаҟазаратә мчқәа гылан. Дара русура аанкылан Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара анаиу ашьҭахь.
АҞӘА, рашәара 21 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аҟәа, рашәара 21 аҽны.
Урыстәылатәи Абжьаҟазаҩ имш иазкыз ауснагӡатә рхы аладырхәит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа.
Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба иажәақәа рыла, аибашьра ашьҭахь знапынҵақәа назыгӡоз абжьаҟазаҩцәа шәҩык рҟынӡа Аԥсны иҭахеит.
"Ҳара ибзианы иаҳгәалашәоит еиҳа иуадаҩыз аибашьрашьҭахьтәи аамҭақәа рзы, Қырҭтәылатәи адевирсантцәа атеррористтә актқәа анымҩаԥыргоз Урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа ҳшырыхьчоз. Уи ҳара ахаангьы иаҳхамшҭроуп. Даара игәахәоуп аҳҭнықалақь аҿы иахьгылоу абаҟа, шықәсык ахь знык ҳааины ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаҳҵар ахьалшо, ҳадгьыл аҿы ҭынч ҳанхарц азы уи зхы ақәызҵаз аруаа ҳахьрымҵахырхәо", - иҳәеит иара.
Урыстәыла аусқәа знапынҵоу аамҭалатәи агәрага Максим Литвинов инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны ишырхамшҭуа абжьаҟазаҩцәа рлагала.
"Ҳара ари фырхаҵароуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит. Иҟалап уи инарҭбааны алаҵәара амамзар, аха арҭ ауаа рфырхаҵара ахашҭра ҟалом. Аибашьра ашьҭахьтәи аҭагылазаашьа акырӡа иуадаҩын, ишәарҭан, дара Егры наҟ-ааҟгьы аганқәа рҿы аҭынра еиҿызкаауаз ракәны иҟан", - ҳәа иҳәеит иара.
1994 шықәса инаркны 2008 шықәса рҟынӡа Аԥсны аҭынчреиҿкааратә операциа мҩаԥыргон Ихьыԥшым атәылақәа реимабзиара аколлективтә мчрақәа. Дара русура аанкылан 2008 шықәса цәыббра 1 рзы, Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара анаиу ашьҭахь.
Ажәабжьқәа зегьы
0