Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Бебиа еиҭеиҳәеит амилаҭтә парк Кәыдрытәи аиҩхаа адгьылҵакыра аиҵатәра зыҟамло

Бебиа еиҭеиҳәеит амилаҭтә парк Кәыдрытәи аҩха адгьылҵакыра аиҵатәра зыҟамло
Анапаҵаҩра
Аҵарауаҩ Сергеи Бебиа арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит амилаҭтә парк Кәыдрытәи аиҩхаа иахьатәи аҳәаақәа реиқәырхара зхымԥадатәиу.
Аминистрцәа реилазаара аҟынтә Жәлар Реизарахь инашьҭуп ашәҟәы Кәыдрытәи аиҩхаа милаҭтә паркны аԥҵара аԥсахрақәа алагаларазы. Уаҟа иарбоуп аҳәырԥсарра адгьылҵакыра аиҵатәра анаҩс абна аԥҟаразы аԥҟарақәа.
Аҵарауаҩ Сергеи Бебиа иажәақәа рыла, азҵаара шьҭыхын шықәсык аԥхьа, уи ҭҵаан, зегь рыла икапанны ҳанахәаԥш, адырра ҟаҳҵеит уи шыҟамло атәы.
"Кәыдры аиҩхаа милаҭтә паркны иахьыҟалаз машәыршәа иҟамлаӡеит. Уи аҵакы даара иӷәӷәоуп. Усҟан адокументқәа рыла апарк аԥырҵеит, аха уи адгьылҵакыра зегьы еихшатәын, ауаа ахьынхо аҭыԥ, атуристцәа ахьнеиуа аҭыԥ, ауаҩы зынӡак дызламкьысуа аҭыԥ ҳәа. Асхема ҟаҵатәуп. Абра иаанханы иҟоу абнақәа, амзаҵла, ашәҵлақәа, Европа ахьынӡанаӡааӡо иҟаӡам. Абри заҵәык аанхеит, егьырахь зегьынџьара иԥҟаны иахысуа иааит", - ҳәа азгәеиҭеит Бебиа.
Аҵарауаҩ еиҭеиҳәеит иахьа абнақәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу, урҭ изҭагылоу ашәарҭара атәы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0