Пограничный пост Псоу - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Аҟәа-Ԥсоу амҩаду хадаҟны алашарбагақәа рыԥсахраз аусурақәа заа ихыркәшахар ҟалоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Замена освещения по республиканской трассе
Замена освещения по республиканской трассе - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә программала Аҟәа-Ԥсоу амҩаду хада алашарбагақәа рыԥсахраз иазоужьуп 120 миллион мааҭ рҟынӡа.
АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа-Ԥсоу амҩаду хадаҟны алашарбагақәа рыԥсахраз аусурақәа иарбаз аамҭа аиаанӡа ихыркәшахар ҟалап ҳәа иҳәеит анардадкыларатә еилахәыра "Аԥсны-Лаит" ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Ԥилиа.

"Ари амҩа ибжьанакыз аҭыԥ аҟны 5,5 нызқь лашарбага ҳаԥсахроуп, иахьазын 2,5 нызқь шьушьа ԥсахуп. Аус абжа ҟаҵоуп, аусурақәа ԥынгылада ицоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Ԥилиа иажәақәа рыла, анардадкылаҩцәа русура аганахь ала уадаҩра ыҟаӡам. Ауадаҩрақәа цәырҵлоит афымцеихшагатә станциа маҷқәа рыҟны, иҟалалоит хәҭа-хәҭала еиҭанышьақәдыргылало.
Иара убасгьы иҳәеит, ҿыц иарҭо алашарбагақәа алашарадиодтәқәа шракәу. Хаҭабзиаралеи лашарбагалеи 2014 шықәсазы иарҭақәаз ирыҵахо иҟам, афымцалашара маҷны иннахоит.
Ареспубликатә мҩаду хада лашарала аиқәыршәара хыркәшан 2014 шықәсазы. Амҩа аура 120 километра иҟоуп, иарсуп 3000 шьаҟа инарзынаԥшуа.
Укладка тротуарной плитки   - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2023
Аԥсны
Гагра ҩышықәса рыла 17 нызқь метра ԥшьаркца инеиҳаны ашьаҟамҩатә хаҳәҟьаԥс ԥсахуп
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аиҳабыра ирыдиҵеит, цәаббра 30 рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аныҳәа азгәаҭара аламҭаланӡа ареспубликатә мҩаду хада лашара аиқәыршәаразы.
Уаанӡа Аԥсны Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба Sputnik иазеиҭеиҳәахьан, ареспубликатә мҩаду Аҟәа-Ԥсоу аиҭашьақәыргылара апроект Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә программа 2023 шықәсазтәи ишалаҵоу. Уи азы ишазоужьу 120 миллион мааҭ рҟынӡа. Аусурақәа рҳәаа иҭагӡаны иазгәаҭоуп алашара аиура еиҿызкаауа афымцеихшарҭақәа реиҭашьақәыргылара.
Ажәабжьқәа зегьы
0