Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Асанитартә ҳақьым хада: амшынӡаҿы абактериақәеи авирусқәеи ыҟаӡам

© Sputnik / Томас ТхайцукЗакат на море
Закат на море  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.06.2023
Анапаҵаҩра
Ашьарақәа хәбеи ҳәыски Аҟәа амшын аҟәараҿы ацәқәырԥақәа ихықәрыжьлеит амшцәгьақәа рышьҭахь. "Автонхамҩа ҷыда" аусзуҩцәа урҭ иаразнак иқәыргеит.
АҞӘА, рашәара 27 – Sputnik. Имҩаԥгаз амшынӡы агәаҭарақәа ишьақәдырӷәӷәеит уи абактериақәеи авирусқәеи шалам ҳәа лҳәеит Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева.
Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҭо, Белиаева илҳәеит аԥстәқәа арахь аӡхыҵра ашьҭахь иаанагазар ҟалап ҳәа.
"Ҭыԥқәак рҿы ақәаршыҩқәа леит, аҳәынҵәаршьшьыра аанагеит. Аԥстәқәа усҟан аӡы ихнаҵазар ҟалоит", - лҳәеит лара.
Аԥстәқәа рыԥсыбаҩқәа аӡы иамеижьҭеи уахыки-ҽнаки иреиҳамызт, уи иабзоураны урҭ шәарҭамызт. Амшцәгьақәа рышьҭахь еиҳа ишәарҭоу аҭагылазаашьақәагьы ҟалалоит лҳәеит асанитартә ҳақьым.
"Атәылауаа рахь аҳәара ҟасҵоит. Аӡиасқәа иабалак ҭашәмыжьлан, аԥсабара шәеиҷаҳала. Амшцәгьақәа рышьҭахь амшын аҟәарахьы ихықәнажьло жәбоит. Уи абантәаанаго? Аӡиасқәа рҟынтәи ауп. Убри азы аӡиасқәеи амшыни ахьеилало аҽыкәабара иаԥсам", - лҳәеит Алла Белиаева.
Отдых в Крыму - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.06.2023
Аԥсны
Аԥсны асанҳақьым хада еиҭалҳәеит акурорт аамҭазы амаҵзура аусура атәы
Асанепидеммаҵзура есымчыбжьа аӡыржәтәи амшынӡи рҭагылазаашьа гәарҭоит. Аԥсны ирацәаҩуп Каховтәи ГЕС аҟны адамба аԥжәара ашьҭахь агәҭынчымра аазырԥшуа. Аха Белиаева ишылҳәо ала, атәыла ауааԥсыреи асасцәеи рзы шәарҭара ыҟам.
"Днепр ҳара Ҟрымтәи адгьылбжьаха ҳацәнахьчоит. Амшын еиқәаҿы иҟоу аӡхырхарҭа Аԥсны аганахь иааӡом, ҳара ҳҟынтәи уахь ауп иахьцо", - лҳәеит лара.
Аӡыржәтә акәзар, асанитартә ҳақьым лажәақәа рыла, иршны ирхьшәашәаны иржәлозар еиӷьуп, аӡымҩангагақәа рҟны аремонт анымҩаԥырго иахьыҟьашьуа иахҟьаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0