Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аминистрцәа реилазаара ақыҭанхамҩатә программа аԥаразоужьра ҩынтәны иацҵазарц рыдгалоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСбор урожая кукурузы
Сбор урожая кукурузы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2023
Анапаҵаҩра
Апрограмма "2023 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара" ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иазоужьуп 100 миллион мааҭ.
АҞӘА, рашәара 30 – Sputnik. Ақыҭанхамҩа аминистрра Аминистрцәа реилазаара иаднагалеит 2024 шықәсазы ақыҭанхамҩатә программа аԥаразоужьра 100 проценткны иацнаҵарц, абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит аусбарҭа аиҳабы, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа.

Иара иажәақәа рыла, аҳәаанырцәынтә иаарго ашәыри ауҭраҭыхи реиҵатәразы аҭыԥантәи анхамҩақәеи анаплакқәеи рԥаразоужьра иацҵатәуп.

"100 миллионк – ари аҿиаразы ихәарҭаӡам, ари анхацәеи урҭ рынхашәеи цхырааран ауп ишрызхо. Ақыҭанхамҩа аҿиара иаҭахуп амиллиардқәа. Ус шакәугьы ҳаалыҵ, шьаҿа-шьаҿала акәзаргьы аимпорттә аалыҵ аџьармыкьаҟынтә агәҭасра атенденциа иазнеиуеит", - иҳәеит иара.
Џьопуа иазгәеиҭеит аминистрра акомиссиа 2023 шықәсазы 123 проект шаднакылаз. Аԥара азоурыжьаанӡа акомиссиа алахәылацәа хаҭала аҭыԥ аҿы инеины аҭагылазаашьа ҭырҵаауеит. Зегьы ишахәҭоу аиԥш иҟазар, азыҳәа ҟазҵаз ибизнес арҿиаразы ирҭоит аиҭаҳатәқәа, амыругақәа, аргылара маҭәахәқәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0