Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Амшынеиқәафымцамч" астанциа маҷ "ИЕПиТ" аҿы иҟалаз амцакра зыхҟьаз атәы рҳәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Бзыпская подстанция
Бзыпская подстанция - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2023
Анапаҵаҩра
Рашәара 28 азы астанциа маҷ "ИЕПиТ" аҿы иҟалаз амцакра иахҟьаны Аҟәа ахәҭак лашарада иҟан.
АҞӘА, рашәара 30 – Sputnik. Астанциа маҷ "ИЕПиТ" иҟалаз амцакра ахҟьазар ҟалоит атрансформатор иаиуз ақәыӷәӷәара, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз АУН "Амшынеиқәафымцамч" афымцамыругақәа рремонт амаҵзура аиҳабы Виктор Вершинин.
Иара убасгьы иҟалоит амыругақәа рхархәара ахьықәсыз иахҟьазаргьы иҳәеит Вершинин.
Вершинин иҳәеит амца зкыз атрансформатор жәамш рыҩнуҵҟа наҟ-наҟтәи ахархәараз ихәарҭоу-ихәарҭаму еилыркаараны иҟоуп. Иара ықәганы аремонтҟаҵарҭахь инагоуп.
Аҟазауаҩ иҳәеит астанциа маҷ ахьчага-система амоуп, аха ишахәҭоу аиԥш аус анамуа ыҟоуп.
"Амцакраан асистема аус амуит, ахылаԥшратә кабель ааха аиуит", - иҳәеит иара.
Вершинин иажәақәа рыла, амцакра мзызны иамоу афидер аҟны ацәаҳәеиқәылароуп.
"Асекциа анбылуаз аамҭазы уахь афымцамч назгоз ашлеифқәа руак амҟьеит. Иара шшыз атрансформатор иаахеит, акорпус иҭаз ахәша амца акит. Иара убри ауп амцакра еиҳагьы изырӷәӷәаз", - иҳәеит иара.
Вершинин иҳәеит астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҿы абылра ашьҭахь 25-мегаватт иҟаз атрансформатор ацынхәрас 40-мегаватт иҟоу шаҿаку, уи ауааԥсыра уадаҩрада алашара шырнаҭо.
Ажәабжьқәа зегьы
0