Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ҩышықәса рыҩнуҵҟа 335 миллион мааҭ рыхә ашәахтә еилагарақәа аарԥшуп

© Sputnik / Акоп КущянМелочи
Мелочи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik. 2020 инаркны 2022 шықәсанӡа ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аинформациа инақәыршәаны Апрокуратура хада иаанарԥшит 335,7 миллион мааҭ рыхә азакәанеилагарақәа. Абри атәы аалыцҳаит Апрокуратура хада азакәанԥҵара ахылаԥшразы аусбарҭа аиҳабы Лиана Ҭарԥҳа.
Ҭарԥҳа илҳәеит ашьаус иаҵанакуа аилагарақәа шракәы зыӡбахә ыҟоу.

301,8 миллион мааҭ рыхә аилагара ыҟан аиурист хаҿқәа рҟынтәи, 33,9 миллион мааҭ – хаҭалатәи анаплакыҩцәа рҟынтәи.

Аиурист хаҿқәеи хаҭалатәи анаплакыҩцәеи ргәаҭарақәа иаадырԥшит НДС аларҟәра, ахашәалаз ашәахтә, аԥгаԥсатә лагалақәа, адгьыл азы ашәахтә рыларҟәра ҳәа лҳәеит Лиана Ҭарԥҳа.
"Иазгәаҭатәуп, Аԥсны ашәахтә закәанеидгыла еилазго, Аԥсны ашьаустә закәанеидкыла иаҵанакуа зыӡбахә ҳәоу аилагарақәа рааԥшразы еиқәыршәоу аматериалқәа аминистрреи иара аҟәшақәеи апрокуратуратә усбарҭақәа рахь ианаамҭаз ишынашьҭымыз", - лҳәеит лара.
Ҭарԥҳа иазгәалҭеит Ахылаԥшратә палата апрокуратурахь азинтә хәшьара рыҭаразы жә-материалк шынанашьҭхьо. Аԥсны атәылауаҩык иганахь ала ашьаус хацыркуп, ԥшьҩык Аԥсны ауааԥсыра рганахь ала аҵаҵӷәыдара инамаданы ашьаус ахацыркра мап ацәкуп, быжьҩык аилагарақәа дыриашарц адҵа рыҭоуп.
Афинансқәа рминистрра ахылаԥшра-ревизиатә усбарҭа Апрокуратура хадахьы инанашьҭит агәаҭаратә материалқәа хԥа: шьауск ахацыркра мап ацәкын агәызҩара ззыҟаз иԥсҭазаара дахьалҵыз азы, егьырҭ аусқәа Аԥсны АШәМ ахь инашьҭуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0