Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи ашколқәа роушьҭымҭацәа ахьтәи араӡни медалқәа ранашьан

© Sputnik / Томас Тхайцук Минпросвещения вручило золотые и серебряные медали выпускникам школ Абхазии
Минпросвещения вручило золотые и серебряные медали выпускникам школ Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2023
Анапаҵаҩра
2023 шықәса рзы Аԥснытәи ашколқәа ирылгеит 1777-ҩык аҵаҩцәа, урҭ рҟынтәи ԥшьҩык ахьтәы медал иаԥсахеит.
АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik. Аԥснытәи ашколқәа роушьҭымҭацәа ахьтәи араӡни медалқәа ранаршьеит Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониаҿы.
Аушьҭымҭацәа ирыдылныҳәалеит Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа.
"Шәаԥхьаҟа аихьӡара шьахәқәа шәзеиӷьасшьоит. Сгәыӷуеит, шәыгәҭакқәа зегьы нагӡахап ҳәа", - лҳәеит лара.
2023 шықәсазы ахьтәы медалла ашкол иалгеит ԥшьҩык аушьҭымҭацәа- Николь Какалиаԥҳа Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи ашкол аушьҭымҭа, Арина Мелитиан Инал-иԥа ихьӡ зху Бзыԥҭатәи аҩбатәи ашкол, Елизавета Чакмач-огли Валериа Кешьиани Иури Гагарин ихьӡ зху Гагратәи аԥшьбатәи ашкол аушьҭымҭацәа.
Елизавета Чакмач-оглы актәи акласс инаркны ахьтәы медалла ашкол далгарц гәҭакыс илыман, илоуз аҳамҭа даԥсоуп ҳәа лыԥхьаӡоит. Лара Москватәи аҵараиурҭақәа руак дҭалахьеит.
"Сҩызцәа зегьы аманшәалара рзеиӷьасшьоит", - лҳәеит лара.
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра аԥшьгарала ахьтәи араӡни медалқәа ранашьан 1996-1999 шықәсқәа рзы ашколқәа ирылгаз аушьҭымҭацәа.
Аҳәынҭфилармониаҿы аофициалтә хәҭа ашьҭахь аконцерт мҩаԥган.
Ажәабжьқәа зегьы
0